Агрба: "Кәыдры аиҩхааҟны аиҭныԥсахлара" аибашьра иазку иреиӷьу рҿиамҭоуп

CC0 / / Ашәҟәқәа
Ашәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҵаҩы, ашәҟәыҩҩы Анатол Уасил-иԥа Кәыҵниа диит лаҵарамза 2, 1937 шықәса рзы.

АҞӘА, лаҵарамза 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку Анатол Кәыҵниа ироман "Кәыдры аиҩхааҟны аиҭныԥсахлара" амилаҭтә литератураҟны иреиӷьу рҿиамҭоуп ҳәа ахиҳәааит алитературадырыҩ, акритик Владимир Агрба.

"Сара ароман арецензиа азызҩит. Арҿиамҭаҿ иныҭкааны иаарԥшуп аибашьраамҭа. Автор ихаҭа аибашьра далагылан", — иҳәоит Агрба.

Иара иазгәеиҭеит Кәыҵниа иҟаз шыҟаҵәҟьаз ишааирԥшыз.

"Ҳәарада аибашьра иазкны иҩуп имаҷымкәа арҿиамҭақәа. Урҭгьы ирныԥшуеит Аԥсны иахҭнагаз бзианы", — иҳәоит Владимир Агрба.

Агрба далацәажәеит Анатол Кәыҵниа акыршықәса иқыҭа гәакьаҿы аҵара-ааӡара иџьабаа шадыз. 2003 шықәса рзы иара аԥсышәала иҭижьит ароман "Нанҳәа". Уигьы аибашьра иазкуп.

Анатол Кәыҵниа Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет доушьҭымҭоуп. Дырҵаҩын. Аибашьраан Аҭаратәи абаталион далан деибашьуан. Арратә корреспондент инапынҵақәа наигӡон.

Ажәабжьқәа зегьы
0