Аҟәатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр аҳамҭа азыҟарҵеит

CC0 / / Инвалидная коляска
Инвалидная коляска - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр адиректор Лаша Папаа иажәақәа рыла ацентр аҟны даара иаҭахны иҟан акаруаҭқәа.

АҞӘА, лаҵарамза 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр адиректор Лаша Папаа иажәақәа рыла ацентр ҳамҭаны иарҭеит акаруаҭқәа 12. Ацентр адиректор Лаша Папаа иажәақәа рыла ацентр аҟны даара иаҭахны иҟан акаруаҭқәа.

"Ҳара ҳцентр аус ауеижьҭеи ҩышықәсоуп. Аԥхьа иҳамаз акаруаҭқәа хәыҷуп, урҭ ахәыҷбаҳчақәа рҟынтәи иааган. Ара иаангыло анацәагьы ахьышьҭаҳҵоз ҳамамызт", — иҳәоит иара.

Зызҵаара ӡбоу акаруаҭқәа рыдагьы ацентр аҟны ирҭахуп атренажиорқәа.

"Аоперациақәа рышьҭахь ахәыҷқәа аиҭашьақәыргыларатә курсқәа атренажиорқәа рҟны иахысуеит. Сгәы иаанагоит уи апроблемагьы иаарласны иӡбахап ҳәа", — иҳәоит адиректор.

Уажәтәи аамҭазы ацентр аҟны аиҭашьақәыргыларатә курсқәа ирхысуеит 13-ҩык апациентцәа.

"Курск хы-мчыбжьа иагоит, нас хымз рыԥсы ршьароуп. Ҳәарада хымз рацәацәоуп аха ҳҭагылазаашьа аҽакала иалнаршом. Ҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп Беслан Пантиа. Иара иоуп акаруаҭқәа аахәаны ҳамҭас иҳазҭаз", — иҳәоит Папаа.

Аҟәа ахәыҷтәы центр аартын мшаԥымза 17, 2015 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0