"Ажурналистика ахақәиҭра анамоу, аҳәынҭқарра аҿиарамҩа иаҳа иманшәалоуп еснагь. Убри аҟынтәи иарбанзаалакгьы аҳәынҭқарраҿы ажурналист имазар ауп ахақәиҭра. Ажурналист иара игәаанагара акәымкәа, ажәлар ргәаанагара аԥхьаҩцәа, ахәаԥшцәа рызнагара илшозар ауп, урҭ ирҭаху, ргәы иҵхо еиҭеиҳәозар ауп", — иҳәеит Амқәаб.
Гәырам Амқәаб Аԥснытәи ажурналистика дазааҭгылеит
Ажәлар рҟынӡа аиаша назго, иҟоу-иану еиҭазҳәо ажурналист иоуп, ҳәа азгәеиҭеит Гәырам Амқәаб.