00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
12 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Атәанчахәқәа реизырҳаразы азакәан апроект иалацәажәаран иҟоуп Жәлар Реизараҿы
13:19
5 мин
Аицәажәара
Лада -Ешыратәи абжьаратә школ аиҭашьақәыргылара иаҿуп: аиҳабы лыҿцәажәара
13:24
12 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
12 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:08
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Актуальный комментарий
On air
14:44
3 мин
Актуальный комментарий
Прогноз погоды в Абхазии до конца сентября
14:46
6 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
On air
18:49
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аекономика аминистрра абизнес маҷи абжьаратә бизнеси ишацхрааша азгәанаҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАуаажәларратә палата еиҿнакааз астол гьежь
Ауаажәларратә палата еиҿнакааз астол гьежь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба дызлахәыз, Ауаажәларратә палата еиҿнакааз астол гьежь аҟны иалацәажәан абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыцхыраара азҵаара.

АҞӘА, лаҵарамза 4 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба дызлахәыз, Ауаажәларратә палата еиҿнакааз астол гьежь аҟны иалацәажәан абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыцхыраара азҵаара. Аминистрра аус рыднаулеит хықәкылатәи апрограммақәа, ҳәа иҳәеит Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

"Апрограммақәа руак аквалификациа аизырҳара иазырхоуп. 2015 шықәса рзы Амилаҭ банки ҳареи ҳусеицураан иаабеит абизнес амҩаԥгаразы иахәҭоу адыррақәа змоу шырацәам. Уажәы абизнес амҩаԥгаразы ихымԥадатәины иҟоу абазатә дыррақәа аминистрра ирнаҭартә ишьақәҳаргылеит. Уажәазы агәыԥқәа реиҿкаара ҳаҿуп, арзаҳалқәа ҳадаҳкылоит. Зегьы хәыда-ԥсадоуп. Ауаа ааира иаҿуп", — иҳәеит аминистр.

Аекспорт адгылара аҭара абизнесуаа рыцхраара аинструментқәа ируакуп. Апрограмма иазыԥхьагәанаҭоит акредитқәа асубсидиа рзура, ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.

"Аекспорт иаҿу аилак акредит аагозар, ҳара аҳәынҭқарра ахарџьқәа рыла уи апроцентқәа рыхәҭак ҳхахьы иаагоит. Уи аҟынтәи ҳара ҳазыԥшуп ҳнаплакыҩцәа анҭыҵтәи аџьармыкьақәа рҿы аиндаҭлара аадырԥшып ҳәа. Ирацәамзаргьы аригьы цхыраароуп", — иҳәеит аминистр.

Иара иажәақәа рыла иахьазы ареспублика анаплакқәа 30 рҟынӡа анҭыҵтәи аџьармыкьаҟны аус руеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иубартә иҟоуп аекспорт ззыруа атауар еиҳа-еиҳа ишеизҳауа. Адгәыр Арӡынба иара убасгьы иҳәеит аминистрра аус шаднаулаз анаплакыҩцәа альготатә кредитқәа рыҭаразы апрограмма. Уи уажәы Аминистрцәа Реилазаараҟны иахәаԥшраны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0