Аԥсны қәрала зегьы иреиҳабу Ҭина Бебиаԥха 112 шықәса лхыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны қәрала зегьы иреиҳабу Ҭина Бебиаԥха 112 шықәса лхыҵит
Аԥсны қәрала зегьы иреиҳабу Ҭина Бебиаԥха 112 шықәса лхыҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан инхо, Аԥсны зегьы реиҳа қәрала еиҳабу Ҭина Бебиаԥҳа иахьа 112 шықәса лхыҵит.

АҞӘА, лаҵарамза 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иқәынхо ауаа зегьы қәрала иреиҳабу Ҭина Бебиаԥҳа иахьа лаҵарамза 4 рзы 112 шықәса лхыҵит. Уи излалҳәо ала, иахьа Аԥсны зықәра неихьоу ауаа уарла-шәарла акәымзар иуԥылом, Хәаԥ ақыҭаҿ акәзар лара лыда шәышықәса ирҭысхьоу уаҩ дыҟам. 

"Иахьа ақәра ду змоу ауаа даара имаҷуп, уи уамашәа иубаратәы иҟам, избан акәзар иахьатәи ҳаԥсҭазаара ажәытәан иҟаз зынӡа иеиԥшым. Сара схаан афатә ҳара иааҳрыхуаз акәын аишәа иқәаҳҵоз, иахьа адәқьанқәа рҿы иаахәаны иаҳфо шаадрыхуа ҳаздырӡом, иалоу атәы ҳаздырӡом", — лҳәеит лара.

Ҭина Бебиаԥҳа лажәақәа рыла, Аԥсны инхо ауаа рыԥсҭазаара зыркьаҿуа иреиуоуп имыцхәны арыжәтә џьбара ажәра ауп. Ҭина Бебиаԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит аԥсуаа ахаан арыжәтә рыҽшадрымцалоз, ирфоз дара рнапала иаадрыхуаз шакәыз. 

Уи хҩык аӡӷабцәа лааӡеит, хҩык амаҭацәа лымоуп, урҭ ирхылҵыз быжьҩык ахшара.

Ҭина Бебиаԥҳа диит 1905 шықәсазы, Хәаԥ ақыҭан. Лара лажәақәа рыла, аҭоурыхтә хҭысқәа акыр дырхаануп, Аԥсны аԥхьагылаҩцәагьы аӡәырҩы лгәалашәоит. 

Авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра

Ажәабжьқәа зегьы
0