АҞӘА, лаҵарамза 4 — Sputnik, Бадри Есиава. Лугански Донецки рҟынтәи ахәыҷқәа аԥхынразы Аԥсны рыԥсы ршьараны иҟоуп, ҳәа ҳаиҳәеит ҳзыҿцәажәаз Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба. Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба усутә визитла мшаԥымза 26-29 рзы ДЖәР-еи ЛЖәР-еи дырҭаан дыҟан.
"Ҳвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыӡбан аԥхынразтәи аԥсшьарамшқәа раан ДЖәР-и ЛЖәР-и рҟынтәи ахәыҷқәа Аԥсныҟа ԥсшьара иаауеит ҳәа", — иҳәоит Аҩӡба.
Аҩӡба иажәақәа рыла Аԥсни, Приднестровиеи, Донецктәи жәлар рреспубликеи Лугансктәи жәлар рреспубликеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аҿартә политика аусхк еиҳа-еиҳа еизҳауа иалагеит. Аҵыхәтәантәи шықәсык-ҩышықәса рыҩныҵҟа анапы аҵаҩуп агәҭакқәа рзы Аԥкаанҵа, еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәа.
Иара Донецктәи жәлар рреспубликеи Лугансктәи жәлар рреспубликеи рҟны аҿартә политика иамоу аӷьацара зџьишьо ареспубликақәа рхадацәа роуп.
Аҩӡба иусутә ныҟәараан дырԥылеит аҿартә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа, астудентцәа. Ҩ-сааҭк инареиҳаны аицәажәара рыман Алиас Аҩӡбеи ЛЖәР ахада Игор Плотницкии.
"Ҳара иныҭкааны ҳрылацәажәеит ҳауадаҩрақәа, дасу иҳамоу аԥышәа", — иҳәеит иара.
Алиас Аҩӡба иусутә ныҟәара хықәкны иаман Аԥсны арҭ аҩ-республикак адгылара рыҭара шагәҭаку аарԥшра.