Фазиль Искандер иҩымҭа "Софичка" иалху асцентә рҿиамҭа-аспектакль рашәарамза 20 рзы РУСДРАМ ахыбраҿы иаҳдырбараны иҟоуп. Уи иалахәуп Борис Шьукин ихьӡ зху Москватәи атеатртә институт аԥсуа гәыԥ 3-тәи акурс астудентцәа, иқәлыргылеит Елена Одинцова.
Ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом
Асовет ҳәынҭқарра ахаан, аԥсуа театр азы актиорцәа азыҟарҵон Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт аҿы. Раԥхьатәи аԥышәарақәа мҩаԥыргон аԥсуа театр ахыбраҿы. Уи азы иаԥырҵон аҭыԥантәи акомиссиа, Акультура аминистрра ахаҭарнакцәа, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, атеатр актиорцәа хатәрақәа уҳәа алархәны.
Қарҭынтәи иаауаз акомиссиеи аҭыԥантәиқәеи еилатәаны имҩаԥыргон аԥышәара актәи атур, ара иалырхуаз рышьҭуан уахь аинститут аҭаларазы, уаҟа имҩаԥыргон анаҩстәи аԥышәарақәа. Иарбан изхәаԥшуаз зегь раԥхьаӡа иргыланы? Аԥсуа театр азы иалырхуазар абитуриентцәа, абырҵкал иахрыжьуан аԥсшәа адырра азҵаатәы азы.
Атеатртә институт аҭаларазы зегь реиҳа ихадоу акәны иҟоуп аҟазара, абызшәа адырра, амузыкеи аритми рнырра. Акомиссиа алахәылацәа, иара Қарҭынтәи иаауаз аԥхьа инаргыланы, абызшәа узымдыруазар аҵараиурҭа аҭаларазы ушә адыркуан, избанpар, актиор исценатә бызшәа набыцрак аламзароуп, ҟаимаҭла идыруазароуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Иара убас, аинститут ҭалашьа роуамазыт, зажәаҳәа еиуеиԥшым аԥықәсларақәа амаз, избанзар, уи акыр зыриашара уадаҩу гроуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Актиор ииҳәо еилыхха, атеатр апартер инаркны, хыхьтәи аиарусқәа рҟынӡа ахәаԥшҩы иаҳауазароуп. Ауаҩы дазҵаар ҟалоит, иабардыруаз ақырҭуа рҵаҩцәа аҵара иҭало аԥсшәа рдыруазу ирзымдыруазу ҳәа?
Исгәалашәоит, 1981 шықәсазы атеартә институт аҭаларазы аԥышәара ҳанахысуаз ишгәарҭоз. Актәи-Аҟәа имҩаԥыргоз атур ала, дара еилыркаауан реиҳа ихьысҳау дарбану. Уи убоит абитуриент иаԥхьашьала, ихы дақәгәыӷуоу дақәымгәыӷуоу апрофессорцәа рзы аилкаара уадаҩрак аҵамызт, ҳбызшәа дара ишырзымдыруазьы.
Реиҳа ихьысҳаз ҳәа ирыԥхьаӡоз, ргәырҽанӡамкәа аԥсуа шәҟәы аартны ирырҭон "абри шәаԥхьа" ҳәа, абри агәаҭара абзоурала иканаԥсаз абитуриентцәа ҟалеит. Ас ҟарҵон, аԥсуа милаҭ рыҿиара уамак иашьҭамыз ақырҭуа милаҭ иахаҭарнакцәаз ауаа. Аха, изеицәааӡарызеи, дара ззанааҭ бзиа избоз, атеатртә ҟазара зда ихәарҭам ахәҭаҷқәа бзиаӡаны еилызкаауаз ҟазацәан, ԥсаҭала ҳцәажәозар, иҳагмырхакәа аҵара ҳдырҵон.
Асценатә бызшәа аинститут аҿы арҵара ҳазааҭгылозар, "актиортә ҟазара" захьӡыз амаҭәар инаваргыланы, ԥшьы-шықәаса ҳахысуан "асценатә бызшәа" захьӡыз амаҭәар. Ақырҭуа рҵаҩы ацхыраара лыҭаразы сара схаан, уаҟа ассистентс аус луан аԥсуа бызшәазы аспециалист Анна Ҵнариаԥҳа. Абарҭқәа рыдагьы, усҟан аԥсуа театр арежиссиор хада Дмитри Кәартаа аамҭа-аамҭала уахь днеины ҳҵара ацашьа дацклаԥшуан. Абас иҟан усҟантәи аԥҟарақәа. Убри аҟынтә, Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы СССР ахаан атеатртә институт иалгаз рыбжьара, даара иуадаҩуп аԥсуа бызшәа ззымдыруа актиорцәа рыԥшаара.
Аибашьра ашьҭахь, атеатр аҿы абиԥара ҿыцқәа реиҵааӡаразы ААУ иаадыртит актиор изанааҭ азы аҟәша. Уи иалгаз аус руеит ҳтеатрқәа рҿы. Аха, ииашаҵәҟьаны, ихаҭәаау, атеатртә дунеи агәылаԥшразы зытрадициақәа акыр иҵаулоу Урыстәылатәи атеатртә институтқәа рҿы аҵара акыр иразҟыуп. Абарҭқәа азгәаҭаны, раԥхьаӡа акәны астудентцәа Урыстәылаҟа рышьҭра аԥшьган шықәсқәак раԥхьа, аха уи аԥшьгаҩцәа аԥсуа бызшәа атеатр аҿы зда ԥсыхәа амам шакәу рхашҭызшәа иҟалеит ҳамҳәозар.
Ҳара ишаадыруа ала, иахьатәи аамҭазы ҩ-гәыԥк Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵоит. Урҭ уахь рышьҭра Аԥсны акультура аминистрреи аԥсуа театри русеицура иабзоуроуп. Актәи агәыԥ аҵара рҵоит Санткт-Петербургтәи акультуратә институт аҿы. Дара ркурстә спектакль ҳдырбахьеит аԥсуа театр азал маҷ аҿы.
Аҟазаразы ахәшьара руҭозар, угәы иаахәаратәы еиҿкаан астуденцәа рықәыргыламҭа, аха асцентә бызшәа ҳазааҭгыозар, ушьара уқәнарҟьартә ихьысҳан, иаԥсыуам ашьҭыбжьқәа, ииашам абжьықәыӷәӷәарақәа уҳәа, иубон астудентцәа рбызшәатә культура ахьысҳара. Азҵаарагьы цәырҵуан, аҵарахьы иалԥшаан ианырышьҭуаз рбызшәа аҩаӡара шԥарызгәамҭеи ҳәа?!
Аҩбатәи агәыԥ аҵара рҵоит Борис Шьукин ихьӡ зху Москватәи атеатртә институт аҿы. Абар, дара дук мырҵыкәа "РУСДРАМ" аҿы иҳадыргалараны иҟоу русумҭа "Софичка" урысшәала иқәыргылоуп аԥсуа бызшәа "адырҷабланы" (с вкраплением абхазской речи).
Аофициалтә информациа ала, астудентцәа уаҟа "асценатә бызшәа ԥсышәала иахысуеит аҩбатәи акурс инаркны", аԥҟарақәа рыла актәи акурс инаркны ирҵалароуп аха. Избан нас, аԥсуа студентцәа аспектакль аҿы урысшәала изыхәмаруа? Иахылаԥшырц зыхәҭада? Иабаҟоу урҭ алԥшааны уахь аҵарахьы изышьҭыз? Аԥсуа студентцәа аҵара ахьырҵо иаинститут аректор Евгени Книазев аамҭак аԥхьа Апсны даныҟаз иазгәеиҭеит "астудентцәа зегьы аԥсшәа шырзымдыруа, уи аҵаратә процесс шаруадаҩуа".
Абри атәы аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу азҭоз апоет Денис Чачхалиа дазааҭгылахьан, избанзар, иара аамҭаказ аԥсуа гәыԥ рысцентә бызшәа ахылаԥшра дадыргалахьан. Ус анакәха, араҟа авба змоу аҵара ахьырҵо аинститут анапхгара ракәым, урҭгьы ианрыдыркылоз иҵегьы иацклаԥшыр ауан аха. Астуденцәа ргәыԥ аиҿкаара, урҭ ралԥшаара 2014 шықәсазы имҩаԥыргон аԥсуа театр асахьаркыратә напхгареи Акультура аминистрреи. "Аҵарахьы ирышьҭит 12-ҩык астудентцәа, аха аҩбатәи акурс аҿынӡа анеира рылшеит 8-ҩык", — абас аҳәоит аофициалтә информациа.
Ухы иазумуа уаӷа иузиуам рымҳәои. Урыстәылаа иҳарҭаз алшара ииашаны ахархәара аҭыԥан, ҳара уахь аԥсуа театр азы аҵарахьы иҳашьҭит аԥсуа театр хатәы бызшәас иамоу ишақәнагоу иззымдыруа аҿар. Иахьа ҳтәылаҿы иҟоу атеатрқәа рахьтә, зегь реиҳа ахәаԥшҩы дызҭаауа, зегь реиҳа аменеџьмент ахьеиҿкаау Русдрам аҿы ауп.
Ус анакәха, "Софичка" ахьықәдыргыло аурыс театр анапхгара, аҟазара злоу актиорцәа ҿарацәа ртеатр ахь ааԥхьара рырҭашт, ииашангьы иагьыҟарҵоит. Зтеатр аҿиара иашьҭоу анапхгаҩы, еснагь деимдоит, иреиӷьу алԥшааны идигалоит. Еилкаамкәаа инхо — ирхәыцуазеи Самсон Ҷанба ихьӡ зхыу атеатр анапхгара? Аӡәы лыҵкы арахәыц ацәылӡон рҳәит, иҳамаз алшара ҳмилаҭтә театр ашьҭыхразы ихәарҭахартә ҳзымныҟәеит.
Ҳаԥхьаҟа Аԥснытәи атеатрқәа рзы Урыстәылатәи атеатртә институтқәа рахь аҿар рышьҭразы даҽазнык алшара ҳаур, иазхәыцтәуп аҿар ралԥшаара аус амҩаԥгашьа. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, аҵарахьы идәықәырҵо иарбан театру иззыркуа шьақәырӷәӷәатәуп.
Аԥсуа театр азы ирышьҭуазар, хымԥада, абитуриентцәа абызшәа рдыруоу ирзымдыруоу шьақәыргылатәуп, насгьы, актәи акурс наркны асценатә бызшәа захьӡу амаҭәар ирзаԥхьо ауаҩы дадгалатәуп. Ус акәымкәа, аҭыԥантәи аурыс театр азы иалырхуазар, усҟан хымԥада, аурысшәа бзианы ирдыруазароуп. Ас иҟалар, ҳара хтеатрқәа рыҿиаразы зеиӷьыҟам аҭагылазаашьа ҟалоит.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит