АҞӘА, лаҵарамза 6– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аорден "Ахьӡ-аԥша" III ранеишьеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа, Sputnik Аԥсны апроект "Аиааира ахаҿқәа" иалахәыз Алықьса Шьониа, Илиа Ачба, Лавренти Бераӡе.
"Сара шәбара агәахәара дуӡӡа снаҭоит. Ишәыдысныҳәалоит иааиуа аныҳәа ду – Аиааира амш", — иҳәеит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алахәылацәа рфырхаҵара ҿырԥшыганы ирзыҟан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәагьы.
"Сара сазыгәдууп хаҭала шәахьыздыруа. Сара ибзианы издыруеит аибашьраантәи шәылшарақәа, сара ибзианы издыруеит аибашьра ашьҭахьтәи иҿырԥшыгоу шәыԥсҭазаарагьы", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Аибашьра аветеранцәа ракәзар, атәыла Ахада ҭабуп ҳәа иарҳәеит ирзыҟаиҵаз агәцаракразы.
"Шәареи ҳареи ҳаиԥылара агәахәа ду ҳнаҭоит. Ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳахьгәыгәҭашәмыжьуа", — иҳәеит аветеран Илиа Ачба.
Алықьса Шьониа 24-тәи агвардиатә дивизиа далахәны 1942 шықәса рзы рхы иақәиҭитәуан Донбасс, Ҟрым, Керч, Ростов. 1946 — 1992 шықәсқәа рзы Алықьса Шьониа Тҟәарчал, ашахтақәа рҟны аус иуан. Иахьа Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа Аԥснытәи рхеилак напхгара аиҭоит.
Илиа Ачба 3-тәи Украинатәи афронт далахәны Румыниа, Болгариа, Чехословакиа, Иугославиа, Венгриа рхы иақәиҭитәуан. Ианашьоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден I, II аҩаӡарақәа, Аеҵәа Ҟаԥшь аорден, амедал "Агәымшәараз".
Лавренти Бераӡе ианашьоуп амедалқәа: "Краснодар ахақәиҭтәразы", "Асовет-Ҭырқәтәылатәи аҳәаа ахьчаразы". Лавренти Бераӡе Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа галтәи рраионтә еиҿкаара ахантәҩыс дыҟоуп.