Амра Амҷԥҳа, Sputnik
Владимир Аҳашба Аԥсуа радио аҟны аус иуан 1968 — 1993 шықәсқәа рзы. Арадио ахь дааиаанӡа Владимир Аҳашба дымшынуаҩын.
"Сара издыруан ажурналист изанааҭ шыҟаз, аха уи салагалахоит ҳәа сгәы иҭамшәацызт. Аԥсшьараамҭаан исыӡбеит Аԥсуа радио аҟны апрактика сахысырц", — еиҭеиҳәоит Аҳашба.
Мызкы инарзынаԥшуа арадио ахь днеиуан, дахәаԥшуан ауаа русушьа, иҟарҵоз шыҟарҵоз. Зегьы даара ссирс ибон. Иԥсшьараамҭа нҵәо иалагеит, арахь иара уаанӡатәи иусурахь агьыжьра иҭахым.
"Арадио аҟны сара уск ҟасымҵеит аха ажурналистцәа русушьа агьама скит. Уигьы мшынуп, ажурналистцәа ирымшынуп. Сара избоз зегьы срыдырхалон. Спрактика аамҭа аниас, арадио аредактор хада Артем Амқәаб иахь снеины сҵааит: "Сцоу саангылоу?" ҳәа.
— Уара ишԥоуҭаху? – дҵааит Амқәаб.
Ажурналист ишиҳәо ала ауха аашаанӡа иҟаиҵаша дазхәыцуан. Адырҩаҽны аредакциахь деиҭанеиит.
"Артиом Амқәаб саниба сҭагылазаашьа еиликаан, раԥхьатәи аусутә дҵа сиҭеит. Исеиҳәеит сахьцаша, сзацәажәаша, сзызҵааша. Уаха асааҭ 18 рзы уматериал аефир ахь иҭыҵуеит иҳәеит. Уи акәхеит, уинахыс ажурналистика амҩа ылысхит", — иҳәоит Аҳашба.
Иахьа арадио аҟны аус зуа дрыҵашьыцуа иҳәоит:
"Ианысгәалашәалак сгәы сыхьуеит. Усҟан иахьа иҭааҩуаз аматериал алента иааныхны уаҵәы аҽа материалк анаҳҵон. Архив ҳәа акгьы ҳазнымхеит", — иҳәоит иара.
Арадио техникала аиқәыршәарагьы акыр имаџьанан.
"Усҟан иҟази иахьа иҟоуи еидкылашьа рымам. Иахьатәи атехнологиақәа угәы ззыҳәо зегьы ҟауҵартә еиԥш аҭагылазаашьа урҭоит", ҳәа азгәеиҭоит Владимир.
Владимир Аҳашба еицырдыруа "Шәиҩеижәижәабаҩык рышәҟәы" ҳәа изышьҭоу, аԥсуа интеллегенциа ЦК КПСС ахь ирышьҭыз ашәҟәы инапы аҵеиҩит. Убри азы апартиа аганахь ала лахьы ӷәӷәа иҭан.
"Атәылаҿ иҟаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа бзианы избон. Аԥсуаа ҳганахь ақырҭцәа иҟарҵоз ақәыӷәӷәара еилыскаауан. Аӡәгьы исыдимҵеит аха асеиԥш ашәҟәы рнапы аҵарыҩуеит анырҳәа, иаразнакы сақәшаҳаҭхеит", ҳәа игәалаиршәоит урҭ аамҭақәа ажурналист.
Зегь раасҭа аԥышәа соуит Аԥснытәи аибашьраан ҳәа иԥхьаӡоит Владимир Аҳашба.
"Аибашьраан ажәа аҽа ҵакык амоуп, аҽакала иуныруеит. Сара Гәдоуҭа арадио аредактор хадас сыҟан. Ҳазегьы аӡәк еиԥш еилых ҟамҵакәа аус аауан".
Аҳашба игәаанагарала Аԥсны аинформациатә иааира иамаз Аԥсуа радио ахәҭа ду аланы иҟоуп.
"Ҳрадио Аԥсны мацара акәмызт иахьазыӡырыҩуаз. Аибашьраан қырҭшәалагьы ажәабжьқәа ҳашьҭуан. Уаанӡа ақырҭцәа иҟарҵоз аинформациа акәзар Қырҭтәыла ауааԥсыра ираҳауаз, уажәы ҳара ираҳҭоз аинформациагьы иазыӡырыҩуан. Дара шаҳзыӡырыҩуаз ҳдыруан уахьтәи аган аҟынтәи иҳауаз ахҳәаақәа рыла", ҳәа азгәеиҭоит иара.
Арадио аҟны усҟан аус руан: Екатерина Бебиаԥҳа, Гарри Дбар, Владимир Никонов, Светлана Қорсаиаԥҳа, Алла Кәарацхьелиаԥҳа, Раиса Ажьиԥҳа, Светлана Палԥҳа.
Владимир Аҳашба иахьа Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс дамоуп.
Иахьатәи иколлегацәа рҟынтәи иара дыззыԥшу ирыҩуеи ирҳәои аҭакԥхықәра рыманы иҟазарц ауп.