АҞӘА, лаҵарамза 15 – Sputnik, Владимир Бегунов. Лаҵарамза 18 рзы акциа "Аҵх амузеи аҟны" инақәыршәаны имҩаԥысраны иҟоуп еиуеиԥшым апрограммақәа. Аԥсны Аҳәынҭқарратә музеи аҟны ахәыҷқәа рыхәмаррақәа мҩаԥыргоит, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны жәлартә ныҳәа мҩаԥгахоит, Дырмит Гәлиа имемориалтә музеи ахыбраҟны апоетцәа ҿарацәа ражәеинраалақәа ирыԥхьалоит, аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых Амузеи аҟны Руслан Гәажәба ишәҟәы ӡырыргоит.
"Абри амш аҽны ҳара ашьыжь асааҭ жәаба инаркны ахәылԥаз асааҭ жәаҩа рҟынӡа аус ааулоит. Изҭаху зегьы ирымоуп алшара хәыда-ԥсада амузеи иаҭаарц. Имҩаԥгахоит атематикатә екскурсиақәа. Асааҭ 19.00 рзы ахәыҷқәа рзы ахәмаррақәа еиҿкаахоит, асааҭ 19.30 рзы иаадыртуеит амаркақәа рцәыргақәҵа. Акциа "Аҵх амузеи аҟны" рҽаладырхәуеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеии аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых Амузеии", — иҳәоит амузеи адиректор Аркади Џьапуа.
Аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа ражәақәа рыла иазыԥхьагәаҭоуп арратә оркестр ааԥхьара, арратә ашәақәа зҳәо артистцәа рнаԥхьара.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху амузеи адиректор Светлана Қорсаиаԥҳа илҳәоит абри аҽны ишазыԥхьагәаҭоу ашәаҳәаҩцәа, абардцәа Игор Ҵнариеи Анатоли Алҭеибеи рықәгылара, апоетцәа ҿарацәа ражәеинраалақәа рыԥхьара.
Омар Беигәа ихьӡ зху Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи аҿы акәзар, иара адиректор Џьамбул Инџьгьиа иажәақәа рыла ара имҩаԥысуеит Баграт Шьынқәба ирҿиамҭақәа ирылху афотоцәыргақәҵа, аҭоурыхдырыҩ, апублицист Руслан Гәажәба ишәҟәы аӡыргара.
"Уи адагьы асааҭ 16.00 рзы имҩаԥысраны иҟоуп амҳаџьырра иазку астол гьыжь" ҳәа еиҭеиҳәоит Инџьгьиа.
Акциа "Аҵх амузеи аҟны" шьаҭаркуп 1999 шықәса рзы, Франциа.