Даур Ҭарба: ҳџьынџьуаҩ Аԥсны арахәааӡарҭа ааиртуеит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДаур Ҭарба далацәажәеит ареспубликаҿы арахәааӡара аҟны иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы
Даур Ҭарба далацәажәеит ареспубликаҿы арахәааӡара аҟны иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба далацәажәеит ареспубликаҿы арахәааӡара аҟны иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.

АҞӘА, лаҵарамза 6 – Sputnik. Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Очамчыра араион аҟны арахәааӡарҭа ааиртуеит, иҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба.

"Ҳара ҳҳәынҭқарра аҩнуҵаҟа иаадыруазар ауп, аԥстәы, аԥсаатә иҳамоу ахыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо. Аибашьра еилгеижьҭеи арахәааӡарҭақәа еиҿкааны, хыԥхьаӡара рацәала макьана иҟамлацызт. Абаржәы, ҳџьынџьуаҩ иҩызцәеи иареи иааргеит 450-хы арахә. Урҭ макьана қәрала имаҷуп, аха убарҭ аҭиразы иаарымгаӡеит, иааӡаны ахшхырҵәы роуа аҟаҵара ауп", — иҳәеит иара.

Уи иажәақәа рыла, иаагоу арахә Аԥсны аҳауа рнаалоит, ибзианы ииартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп, азгәеиҭеит уи.

"Арахәааӡарҭа азы 200 гектар адгьыл рырҭеит Очамчыра араион аҟны, убра ихкааны акомплекс аргылара иаҿуп. Урҭ аплан дукәа рымоуп, ԥшь-нызқь рҟынӡа арахә ааргарц рҭахуп, иара убас азауадқәа дыргыларц рҭахуп. Ахш ахьҭарцәо, ахарҵәы, ашә ахьыҟарҵо. Убри аҩыза акомплекс аргылара ргәы иҭоуп ахарџь рацәаны изҭаххо", — азгәеиҭеит Даур Ҭарба.

Аҳәынҭқарра ахада ҳџьынџьуаҩи уи аус ицызуеи атәыла анапхгара аганахь ала ацхыраара шроуа ала, иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр.

"Арахә ааԥын иааргеит, урҭ хыбрада рныҟәгара анауа аамҭа иақәыршәаны, аӡынранӡа акомплекс аргылара ргәы иҭоуп. Урҭ аӷбала атехника, аргыларатә маҭәахәқәа ааргоит. Ахыбра анаҩсан, арахә ирҿоуҵогьы рҭахуп. Акомплекс анаҩсан иаҭахуп ҵакырала акыр иҭбаау адгьыл азоужьра арахәааӡарҭа. Очамчыра араион ахада аусуаҩцәа ацхыраара риҭоит иҭацәу адгьылқәа ԥшааны ириҭоит", — иҳәеит Даур Ҭарба.

Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Ҭагалан ааиаанӡа арахәааӡара знапы алаку ирҭахуп Аԥсныҟа иааргар зқьы-хы аҟынӡа арахә, иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0