Рауль Ҳаџьымба ООН ахаҭарнак диԥылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукҲаџьымба ООН ахаҭарнак Нилс Скотт диԥылеит
Ҳаџьымба ООН ахаҭарнак Нилс Скотт диԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба ООН ахаҭарнак Нилс Скотт диԥылеит. Аиԥылараан Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ишалнаршо аполитикатәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара.

АҞӘА, лаҵарамза 16 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Рауль Ҳаџьымбеи ООН аҿиара апрограмма ахаҭарнак Нилс Скотти реиԥылара мҩаԥысит аҩаша, лаҵарамза 16 рзы.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит ареспублика шазыхиоу актуалтә зҵаарақәа рылацәажәара иара убри аан урҭ рыӡбра амҩақәа еиуеиԥшымкәагьы ишыҟоу.

"Сгәыӷуеит иқәҳаргыло азҵаарақәа аилкаареи адгылареи роуп ҳәа. Аԥсуа ган азы аҵакы змоу азҵаарақәа урҭ рыӡбра иалахәугьы еилыркаарц ҳҭахуп", — иҳәеит атәыла Ахада.

Нилс Скотт иакәзар, уи аҭакс иҳәеит аилибакаара аныҟоу иарбанызаалак азҵаарагьы аҭышәныртәалара алшоит ҳәа.

"Уаанӡатәи ҳаиқәшәарақәа раангьы изныкымкәа ҳалацәажәахьан ООН Аԥсны имҩаԥнаго ауснагӡатәқәа ртәы, атәыла ауааԥсыра ишрыцхраауа. Ҳрылацәажәахьан алҵшәа зауз аҭагылазаашьақәагьы", — иҳәеит Скотт.

Асас дазҵааит атәыла Ахада аизыҟазаашьақәа рхырхарҭа шибо, иарбан проектқәоу зынагӡара ахәҭаны зинтерес икуа ртәы.

"Ҳаицәажәап абас. Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ҳазхарҵааит. Уи зегь иреиҳау цхыраароуп. Усҟан Қырҭтәылагьы Аԥсны азханаҵар акәхоит. Шәареи ҳареи ҳаицәажәарагьы аҽа ҟазшьак аиуеит. Жәларбжьаратәи аилазаара иаҳнаҭо

ацхыраараз ҭабуп ҳҳәоит, аха ацхыраарагьы ҿҳәарак амоуп, зны инҵәоит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ишалнаршо аполитикатәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәа иара ишаҭаху еиԥш рышьақәыргылара.

ООН – жәларбжьаратәи аиҿкаара шьаҭаркын Сан-Франциско рашәарамза 26 1945 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0