АҞӘА, лаҵарамза 16 — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәыла ауааԥсыра ргәы рҽаннаҵеит Қырҭтәыла аҭаараан агәҽанызаара рымазаарц, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Уаанӡа, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Шалва Хуцишвили ажурналистцәа адырра риҭахьан Иури Лужков "асиа еиқәаҵәа" данырҵоит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи дахьырҭаахьаз азы ҳәа. Аринахыс Қырҭтәыла алаларагьы азин имхуп.
"Ишаабо еиԥш Қырҭтәыла Урыстәылеи иареи реизыҟазаашьақәа рырҽеира хықәкны иамам. Уи зԥырхаго дара рхаҭақәа шракәугьы", ҳәа аҳәоит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.
Убри инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәыла ауааԥсыра аҳәара рырҭоит Қырҭтәылаҟа рцара ироур зылшо ахҟьа-ԥҟьақәа ибзианы, ишәаны-изаны иазхәыцырц.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҭыԥ рыман еиуеиԥшымыз аҭагылазаашьақәа – Урыстәыла атәылауаа аштраф анрықәырҵоз, мамзаргьы абахҭа ианҭаркуаз.
Москва уаанӡатәи ахада Иури Лужков иакәзар, изныкымкәа дызҭаахьаз Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи қарҭаа иршьоит аоккупациа зызуу Қырҭтәыла акәакьқәа роуп ҳәа.
Қырҭтәыла ирыдыркылаз "Аоккупациа зызуу аҵакырақәа" азакәан инақәыршәаны уахь аофициалтә Қарҭ азинҟаҵарада анеира закәанӡам, уи еилазгазгьы аԥаратә штраф иқәырҵоит, мамзаргьы бахҭала ԥшьышықәса ихигароуп.