Амилаҭтә банк Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҳамҭа анаҭеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаАмилаҭтә банк Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҳамҭа анаҭеит
Амилаҭтә банк Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҳамҭа анаҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 17 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иахыҵит 100 шықәса.

АҞӘА, лаҵарамза 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Лаҵарамза 17 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иахыҵит 100 шықәса. Абри амш аҽны Аԥсны амилаҭтә банк Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ҳамҭас ианаҭеит аҵыхәтәантәи ажәашықәса рзы иҭыҵыз агәалашәаратә ԥсарқәа.

"Азин сышәҭ ишәыдысныҳәаларц аныҳәамш ду. Ҳамҭаны ҳахьӡала ишәыдышәкыл агәалашәаратә ԥсарқәа", — иҳәеит Аԥсны амилаҭтә банкахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Бараҭелиа иазгәеиҭеит аколлекциа ишалоу 59 ԥсар.

"Аԥсарқәа рыхәԥса иартәоит 492 000 мааҭ. Уи уаанӡатәи, дара аныҭҳажьуазтәи ахәԥсақәа рыла. Арҭ аԥсарқәа рыгәҭа иҟоуп иахьазы шамахамзар иуԥымлақәогьы. Урҭ иреиуоуп Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба дызну аԥсар, Фазиль Искандер дызну аԥсар", — иҳәеит Бараҭелиа.

Беслан Бараҭелиа иазгәеиҭеит абанк анапхгара ишрыдыркылаз аӡбра – иҭыҵуа аԥсарқәа зегьы ракака Аԥснытәи амузеи иарҭаларц.

"Мшаԥымза атеатри амузыкеи ирымзаны иҟазҭгьы, лаҵарамза амузеи иамзаны иҟалеит. Иахьа реиҳа ихадоу рыцхәуп – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи 100 шықәса ахыҵит", — лҳәеит Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа Беслан Бараҭелиа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз аҳамҭа ду азы, иазгәеиҭеит анумизматикатә експозициа амузеи аҭааҩцәа зегьы ирбо-ираҳауа иҟалартә еиԥш аҭагылазаашьақәа шаԥҵахо.

Ажәабжьқәа зегьы
0