Аџьармыкьа аҭааҩцәа ибзианы ирдыруеит аҭиҩцәа, ирдыруеит еиҳа зыхә ҳаразкуа, узлахәаахәҭыр ауа. Иҟоуп хаҭала ирдыруагьы. Аицәажәарақәа зны-зынла аполитикеи афинансқәеи рахь ианиасуагьы ҟалалоит.
Аҭиҩцәа ракәзар, Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәқәа роуп. Иҟоуп ааигәа ахәаахәҭра знапы алазкыз, иҟоуп акыр шықәса аус зуагьы.
Аҟәатәи аџьармыкьа шамахамзар ақалақьуаа реиԥш асасцәагьы аҭаауеит. Араҟа иалшоит зхаҭабзиара ҳараку аҭыԥантәи аалыҵ аахәара.
Аҟәатәи аџьармыкьа ахәаахәҭра адагьы "аинформациатә маҵзура "Newsroom" анапынҵақәа нанагӡошәа жәабжьс иҟоу зегьы ахьуаҳауа ҭыԥуп, центруп. Арахь ихоуп рымҩақәа: ақалақьтә транспорт еиԥш араион аҟынтәи иаауа автомашьынақәагьы. Аӡәы акы иҭиуеит, егьи акы ааихәоит.
Шьыжьы инаркны ахәылбыҽха асааҭ 3-4 рҟынӡа аус ауеит.