Асҭамыр Ахба: аԥсшьацәа Аԥсныҟа "иаку абилеҭ" ала иаалар ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба Sputnik арадио аҟны еиҭеиҳәеит "иаку абилеҭ" аԥсшьацәа Аԥсныҟа раара шарманшәало.

АҞӘА, лаҵара 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсныҟа иаауа аԥсшьацәа "иаку абилеҭ" аархәар ҟалоит, иҳәеит Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба, арадио Sputnik иеиҭаз аинтервиу аҿы.

"Аԥсшьаҩы заанаҵы иааихәар ауеит Аԥсныҟа ааразы "иаку абилеҭ", уи адәыӷбала мамзаргьы аҳаирпланла Шәачанӡа даауеит, анаҩс автобус ашҟа диасны дышиашоу ҳтәыланӡа даауеит", — иҳәеит Асҭамыр Ахба.

"Иаку абилеҭ" аазымхәаз аԥсшьаҩы иара ихала ареспубликахь аара илшоит амаршруттә такси, мамзаргьы автобус ала.

"Аҳаирпланқәа змоу акомпаниақәа ирҭахуп рпассаџьыр иманшәалоу  аҭагылазаашьақәа изаԥҵара. Урыстәыла иҳаднагалеит "иаку абилеҭ" апрограмма анагӡараҿы амашьынақәа змоу аԥсуаа рхы аладырхәырц. Иӡбахоит шаҟа машьына аԥсуаа ҳҟынтә ари аус аҿы иаҭаххо, шаҟа Урыстәылантәи, уи азҵаара атранспорттә еилакы аҟны инарҭбааны ари аус иазнеиуеит", — азгәеиҭеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Ари аус Аԥсны иазеиӷьымхозар, иазеицәахо ҳәа акгьы ыҟам, иҳәеит Асҭамыр Ахба.

Асҭамыр Ахба, арадио Sputnik иеиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра.

Абилеҭ ахәԥса иартәоит: Адлер — Гагра – 550 мааҭ, Адлер — Пицунда – 700 мааҭ, Адлер — Гәдоуҭа – 850 мааҭ, Адлер – Афон Ҿыц – 1000 мааҭ, Адлер — Аҟәа – 1200 мааҭ. 5 рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рымҩангара хәыда-ԥсадоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0