АҞӘА, лаҵара 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҳаирбаӷәаза аартхар, ҳтәылахь аԥсшьацәа раара мариахоит, иҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза адиректор хада Виачеслав Ешба арадио Sputnik иеиҭаз аинтервиу аҟны.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Владимир Некрасови, Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аиҳабы Виачеслав Ешбеи реиԥылараҿы ирылацәажәеит аҳаирбаӷәаза иамоу ауадаҩрақәа, аинвестициақәа рганахь ала ауаа азҿлымҳара ҟарҵартә еиԥш аусура аиҿкаара шаҭаху.
"Ҳалацәажәеит Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза акәша-мыкәша иҟоу апроблемақәа, абаӷәаза аус замуа. Еилаҳкаауан цхыраарас акыр рзыҟаҵома, дара уажә ааигәоуп аусура ианалага, Аԥсны аинтерес змоу аҭыԥқәа ирыдҵаалоит, аҳаиртә баӷәазагьы уахь иналаҵаны", — иҳәеит Ешба.
Иара иажәақәа рыла, Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аартхар, Аԥсны аекономика арҿиара аус аҿы акыр ихәарҭаны иҟалоит.
Виачеслав Ешба арадио Sputnik иеиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра
Уи агәра ганы дыҟоуп, аҳаирбаӷәаза аусура еиҭашьақәыргылазар, Аԥсныҟа иаауа аԥсшьацәа рзы иманшәалахоит, уи ареспублика аекономика арҿиара иацхраауеит.