Манчестер иҟалаз атеракт мҩаԥызгаз ҳәа иԥхьаӡоу "Аль-Каида" дадҳәалан

© REUTERS/Jon SuperМанчестер иҟалаз атеракт мҩаԥызгаз ҳәа иԥхьаӡоу "Аль-Каида" дадҳәалан
Манчестер иҟалаз атеракт мҩаԥызгаз ҳәа иԥхьаӡоу Аль-Каида дадҳәалан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Манчестер имҩаԥысыз атеракт мҩаԥызгаз ҳәа иԥхьаӡоу 22 шықәса зхыҵуа Салман Абеди, "Аль-Каида" дадҳәалан.

АҞӘА, лаҵарамза 24 — Sputnik. Манчестер имҩаԥысыз атеракт мҩаԥызгаз ҳәа иԥхьаӡоу 22-шықәса зхыҵуа Салман Абеди, "Аль-Каида" дадҳәалан, ҳәа аанацҳауеит ателеканал NBC.

Абеди ихаҭара шьақәыргылахеит иара иҽанԥижәа ашьҭахь иџьыбаҟны ирбаз абанктә карта ала.

ЕАШ аԥшыхәратә еиҿкаара ахаҭарнак иажәақәа рыла аҵыхәтәантәи ашықәс азы Абеди Ливиаҟа изныкымкәа дцахьан, дырҭаахьан еиуеиԥшым араб тәылақәа.

Аԥшыхәра ахаҭарнак ишиҳәо ала "абомба зеилазаара уадаҩыз рԥжәаган. Иара аус аурц азы иаҭахыз ахәҭақәа Британиа рыԥшаара уадаҩуп".

Ари иаанаго Абеди ихала дыҟамызт ҳәоуп. Ахаҭарнак иажәақәа рыла иара атеррористтә еиҿкаара далахәылазар ҟалоит, иҟалоит ари аԥжәара иашьҭанеир еиҭахгьы асеиԥш иҟоу актқәа. Ахыҵхырҭақәа ишазгәарҭо ала уаанӡа Абеди иуацәа иара ашәарҭара шилоу азы адыррақәа ҟарҵахьан.

Убас Абеди иҩыза адырра ҟаиҵахьан иара ааигәа Ливанынтәи дааит, иҟалон уа азыҟаҵара дахрыжьзар ҳәа. Аполициеи аԥшыхәратә маҵзурақәеи арҭ адыррақәа реилкаара иаҿуп.

Америкатәи ашәаҳәаҩ Ариана Гранде лконцерт аҟны имҩаԥгаз атеррористтә акт аан иҭахеит 22-ҩык, ахәрақәа роуит 120-ҩык.

Иҟалаз аԥжәаразы аҭакԥхықәра ахахьы иагеит атеррористтә гәыԥ "Исламское Государство".

Ажәабжьқәа зегьы
0