Гагра араион аҟны ахаҳә алеира аԥсҭбара ахҟьеит

© SputnikГагра араион аҟны ахаҳә алеира аԥсҭбара ахҟьеит
Гагра араион аҟны ахаҳә алеира аԥсҭбара ахҟьеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҟны ахаҳәлеира ахҟьа-ԥҟьақәа аԥыхуп, иҳәеит Аԥсны Автоинспекциа аиҳабы Наур Смыр.

АҞӘА, лаҵарамза 25 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Гагра араион аҟны ацаҟьа ахәҭак аҿыбгара иахҟьеит аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр. Абри атәы Sputnik акорреспондент изааицҳаит АҶА апресс-маҵзура аиҳабы Мизан Ломиа.

"Асааҭ 21:58 рзы Гагра араион Чагрыԥшь ақыҭа иахьаҵанакуа ацаҟьа ҿыбганы ареспубликатә трасса ианаҳалеит. Убри иахҟьаны амҩатә машәыр ҟалеит. Амашьынақәа руак аԥсҟы зкыз, Адыгеиа атәылауаҩ иԥсҭазаара далҵит", — иҳәеит Ломиа.

Аԥсны Автоинспекциа аиҳабы Наур Смыр иазгәеиҭеит еиҿасыз аидарамҩангага машьынақәа "Мерседес"-и "Газель"-и роуп ҳәа.

"Ерик Кьышьмариа зыԥсҟы икыз автомашьына "Мерседес" Аҟәантәи Ԥсоуҟа ахы хан. Иаалырҟьаны иаԥхьаӡа илеиз ахаҳә имҩа дахнаҟьеит, иаԥхьаҟатәи амҩацәаҳәа данылеит. Уахьынтә иааиуаз, Николаи Ермолин зыԥсҟы икыз автомашьына "Газель" дасит. Аҵыхәтәантәи иара уи аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит", — иҳәеит Смыр.

Уажәазы амҩахәҭа рыцқьоуп, аха иара убри аан аҿыбгаррақәа еиҭаҟалар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0