Абызшәадырыҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор Лили Ҳагԥҳа 65 шықәса лхыҵит

© Sputnik Фото предоставлено Мариной БарцицЛили Ҳагԥҳа 65 шықәса лхыҵит
Лили Ҳагԥҳа 65 шықәса лхыҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лили Ҳагԥҳа - абызшәадырыҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор, 60 инареиҳаны астатиақәа дравторуп.

АҞӘА, лаҵарамза 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абызшәадырыҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор, 60 инареиҳаны астатиақәа равтор, аорден "Ахьӡ-аԥша" III аҩаӡара занашьоу Лили Риза-иԥҳа Ҳагԥҳа 65 шықәса лхыҵит.

"Лили Риза-иԥҳа аԥсуа бызшәа аизырҳараҿы ллагала дууп. Ибзиаӡаны Қарҭтәи ауниверситет далганы Аԥсныҟа дхынҳәит лдырра лыжәлар идлырхәарц", — иҳәоит аҵарауаҩ Оҭар Ӡиӡариа.

Лили Ҳагԥҳа аԥсуа бызшәа азҵаарақәа ирызкны аусумҭақәа рацәаны илымоуп.

"Аиҳарак лара аус адылулоит абызшәа аорфографиа", — иҳәеит иара.

Уи адагьы Лили Ҳагԥҳа аус рыдылулоит аҿар.

1969 шықәса рзы Лили Ҳагԥҳа дҭалеит А. Горьки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт, афилологиатә факультет аԥсуа-анемец бызшәа аҟәша.

1988 шықәса рзы Лили Ҳагԥҳа акандидаттә диссертациа лыхьчеит. Ԥхынҷкәын 21 2006 шықәса рзы Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет аҟны адиссертациа лыхьчоит.

Лили Ҳагԥҳа 60 инареиҳаны аԥсуа бызшәа алексикатә еилазаареи аграмматикатә шьақәгылашьеи рызҵаарақәа ирызкны статиа дравторуп.

Лили Ҳагԥҳа лассы-лассы аԥсуа-адыга бызшәақәа рыпроблемақәа ирызкны ажәахәқәа ҟалҵалоит еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аконференциақәа рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0