АҞӘА, лаҵарамза 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥхьаҩ аҭагылазаашьа имазар ауп асаит аартны ииҭаху ашәҟәы аԥшаареи аԥхьареи азы, уи аус адааулоит, иҳәеит Аԥснытәи Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа арадио Sputnik Аԥсны иеиҭаз аинтервиу аҟны.
"Ари даара азҵаарақәа рацәаны иадҳәалоуп, асаит иара иашьашәалоу апрограмма ала аусура ҳаҿуп", — иҳәеит уи.
Амилаҭтә библиотека асаит аҟны аԥхьаҩ аҭагылазаашьа иоуеит еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ашәҟәқәа рыԥхьара, азгәеиҭеит Ҷолариа.
"Ҳара 57 бызшәа рыла иҩу ашәҟәқәа ҳамоуп, аха еиҳа ахархәара змоу аурысшәа, аԥсшәа, англыз бызшәа роуп", — иҳәеит Борис Ҷолариа.
Амилаҭтә библиотека аиҳабы иажәақәа рыла, иахьа аҭагылазаашьа бзиа ыҟоуп аԥхьаҩцәа рҭахрақәа ирықәшәо аусуразы.
"Ахыбра ҿыц, амыруга ҿыцқәа ҳамоуп. Ҳара ҳалагеит абиблиотека аелектронтә версиақәа рыҟаҵара. Убри апроцесс ирласны иузыҟамҵо акоуп, ижәдыруазар сҭахуп уаанӡа иҭыҵхьаз, хра злоу иактуалтәу аинформациа зну ашәҟәқәа аелектронтә версиа ахь ииагатәуп, даҟьацыԥхьаӡа рыҟаҵара аамҭа агоит", — иҳәеит Борис Ҷолариа.
Абиблиотека ашҟа инеиуа аԥхьаҩ аҭагылазаашьа бзиақәа изаԥҵаразы Аԥснытәи амилаҭтә библиотека аусура иацнаҵоит, иҳәеит уи.