Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷолариа: зуыс бзианы издыруа аколлектив еизгоуп Амилаҭтә библиотекаҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукИван Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа
Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абиблиотекақәа Адунеизегьтәи рымш аҽны, Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу аиҭеит.

"Иахьа аҭагылазаашьа бзиа ҳамоуп аусуразы, ахыбра ҿыц, амаруга ҿыцқәа ҳамоуп. Ҳара ҳалагеит абиблиотека аелектронтә версиақәа рыҟаҵара. Убри апроцесс ирласны иузыҟамҵо акоуп, ижәдыруазар сҭахуп уаанӡа иҭыҵхьаз, хра злоу иактуалтәу аинформациа зну ашәҟәқәа аелектронтә версиа ахь ииагатәуп, даҟьацыԥхьаӡа рыҟаҵара аамҭа агоит", — иҳәеит Борис Ҷолариа.

Борис Ҷолариа абиблиотекақәа Адунеизегьтәи рымш аҽны Амилаҭтә библиотека аусура дазааҭгылеит

Абиблиотека ашҟа инеиуа аԥхьаҩ аҭагылазаашьа бзиақәа изаԥҵаразы Аԥснытәи амилаҭтә библиотека аусура иацнаҵоит, иҳәеит уи.

Ажәабжьқәа зегьы
0