"Ҳааигәара иҟан Китаи, Сербиа, Бразилиа, Азербаиџьан, Беларуссиа амузеиқәа рцәыргақәҵақәа. Аӡәы ҳиҵамхо ҳхы ааҳарԥшит, — лҳәеит Қьецԥҳа. - Амузеи аҿы зегьы иреиӷьыз ижәытәӡақәаз аекспонатқәа аслаид-шоу ала аекран аҿы идҳарбон ахәаԥшцәа. Аинтерес кны ирацәаӡаҩны иҳаднаԥхьалеит, иҭырҵаауан акәымжәы аӡахышьа, аԥҟашьа иазҵаауан. Ахырххақәа напылатәи аԥҳәыс усумҭақәа ирызҵаауан. Уи зынӡа лымкаала иазҵаауан, ашәыгақәа злырхуаз, излаҟарҵоз, ишырсоз. Егьырҭ амузеиқәа ицәырыргаз анапумҭақәа иахьатәи ҳаамҭаз иҟаҵоу ауп, ҳара ажәытәтәи усумҭақәа цәыраҳгеит".
Белла Қьецԥҳа дазааҭгылеит Москва имҩаԥысыз Жәларбжьаратәи амузеиқәа рфорум "Интермузеи-2017"