Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сақаниа: Аԥснытәи асахьаҭыхцәа Шәача арт-фестиваль иалахәын

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Анзор Сақаниа
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Анзор Сақаниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 19 инаркны 26-нӡа Шәача имҩаԥысуан VI Жәларбжьаратәи ааԥынтәи арт-фестиваль. Уи иалахәын Аԥснынтәи гәыԥҩык асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа (астудентцәа, ашколхәыҷқәа), урҭ афестиваль ралахәра атәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит асахьаҭыхҩы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Анзор Сақаниа.

"Ауниверситет аҟнытәи ари афестиваль ирацәаҩны иалахәын, ашколқәа рҟны аҵара зҵо хҩык ыҟан. Афестиваль иалахәыз аусумҭақәа даара раҳаракыра дуун, ҳара ҳҿаргьы русумҭақәа акала иаҵамхо, ҟазарала инагӡан", — ациҵеит уи.

Анзор Сақаниа Шәача имҩаԥысуаз VI Жәларбжьаратәи ааԥынтәи арт-фестиваль дазааҭгылеит

Аԥснынтәи асахьаҭыхыҩцәа ас еиԥш иҟоу арт-фестивальқәа рхы ахьаладырхәуа урҭ рыпрофессионалтә еизҳара даараӡа иацхраауеит, ҳәа азгәеиҭеит Сақаниа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0