Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базаҟны ахәыҷқәа рымш мҩаԥган

© Sputnik Роберт ДжопуаГәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базаҟны ахәыҷқәа рымш мҩаԥган
Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базаҟны ахәыҷқәа рымш мҩаԥган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩышәҩык рҟынӡа Аԥснытәи ахәыҷқәа наԥхьан Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базахь ахәыҷқәа рыхьчара Амшныҳәа азгәаҭараз. Абри атәы шәаԥхьар шәылшоит Роберт Џьопуа иматериал аҟны.

Арратә базаҟны ирыӡбеит ахәыҷқәа рыхьчара Амш арыцхә иазымԥшырц, ахәыҷқәа аныҳәа рзеиҿыркаарц.

Арратә база акомандир ихаҭыԥуаҩ Игорь Фиодоров иажәақәа рыла асеиԥш ахҭыс традициак еиԥшны иҟалеит.

"Ҳара есышықәса имҩаԥаагоит ас иҟоу аныҳәақәа. Иадҳаԥхьалоит Гәдоуҭатәи ашколқәа рҟынтәи ахәыҷқәа. Еизаз зегьы ирзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭынч жәҩан", — иҳәеит иара.

Ашьыжь асааҭ жәаба рахь инеихьан арратә база астадион ауаа иҭдырҭәаауа ианалагаз. Арахь иааиит аррамаҵзурауаа рҭаацәарақәеи дареи, Гәдоуҭатәи ашколхәыҷқәа.

Ашҭа ҭнарцәажәаауан арратә оркестр. Аха иахьа иара арратә маршқәа ракәӡамызт инанагӡоз, инанагӡоз амультфильмқәа рҟынтәи амелодиақәеи ашәақәеи ракәын. Асасцәа ракәзар рҟазара аадырԥшит аԥсуа милаҭ кәашарақәа рынагӡарала. Ахәаԥшыҩцәа урҭ напеинҟьарыла ирԥылеит.

© Sputnik Роберт ДжопуаГәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базаҟны ахәыҷқәа рымш мҩаԥган
Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базаҟны ахәыҷқәа рымш мҩаԥган - Sputnik Аҧсны
1/4
Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базаҟны ахәыҷқәа рымш мҩаԥган
© Sputnik Роберт ДжопуаГәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базаҟны ахәыҷқәа рымш мҩаԥган
Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базаҟны ахәыҷқәа рымш мҩаԥган - Sputnik Аҧсны
2/4

3/4

4/4

"Ахәыҷқәа рзы ныҳәоуп, ҳамҭоуп иахьатәи амш. Асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа лассы-лассы имҩаԥгалатәуп. Ахәыҷқәа еиҿцаауазароуп, аиҩызара рыбжьазароуп", — лҳәеит акәашаратә конкурс аҟны аиааира згаз Александра Крутькова.

Аныҳәа иалахәыз аҷкәынцәа ракәзар арратә техника рылаԥш адхаланы ирзаҟәыгомызт.

Дауҭ, Гәдоуҭатәи ашколқәа руак аҵаҩы иҳәоит:

"Ашәаҳәареи акәашареи сгәаԥхеит, аха ара иҟоу автоматқәа, атанкқәа, абронетранспортиорқәа уҳәа еиҳагьы исгәаԥхеит" ҳәа.

Амш ахыркәшамҭазы акыр иааԥсахьаз ахәыҷқәеи адуқәеи ирзыԥшын акрыфара-чара. Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш азгәарҭоит рашәарамза 1 азы 1950 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0