Анатоли Шьониа игәалашәара иазкыз аиԥылара мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik Бадраҟ АҩӡбаАнатоли Шьониа игәалашәара иазкыз аиԥылара мҩаԥысит Аҟәа
Анатоли Шьониа игәалашәара иазкыз аиԥылара мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист, арежиссиор Анатоли Алықьса-иԥа Шьониа иԥсы ҭазтгьы рашәара 4 рзы 70 шықәса ихыҵуан.

АҞӘА, рашәарамза 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ажурналист, арежиссиор Анатоли Шьониа игәалашәара иазкыз аиԥылара еиҿнакааит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи ахыбраҿы иахьа рашәарамза ҩба рзы.

Аиԥылара рхы аладырхәит Анатоли Шьониа иколлегацәа ажурналистцәа, изааигәаз иҩызцәа. Агәалашәаратә усмҩаԥгатә аартуа Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иазгәеиҭеит, уажәырнахыс аԥсуа журналистика акыр аџьабаа азызбахьоу, злагала дуу ауаа ирызку аиқәшәарақәа шымҩаԥгалахо.

"Аԥсуа журналистика еиуеиԥшым аамҭақәа раан, аԥсуа милаҭтә ус аӡыргараҿы, ажәлар рыларҵәараҿы даараӡа иҳараку ароль нанагӡоит. Акьыԥхь анцәырҵ, Дырмит Гәлиа агазеҭ "Аԥсны" анаԥиҵа инаркны иахьа уажәраанӡа есыҽны ҳара ҳжурналистцәа ирылшо ҟарҵоит амилаҭтә идеиа аӡыргаразы, аҳәынҭқарратә ус иацхраауеит", — азгәеиҭеит Ҳашыг.

Уи иҳәеит хәы-шықәса инарзынаԥшуа зыхьӡала аиԥылара мҩаԥгаз Анатоли Шьониеи иареи аус шеицыруаз.

"Анатоли акырӡа здунеихәаԥшышьа ҭбааз, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусура зҭахыз, арежиссиор изанааҭ ала аус зуаз, аха ажурналистика схы азыскындаз ҳәа иҟаз уаҩын", — иҳәеит Руслан Ҳашыг.

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла аханҭәаҩы иазгәеиҭеит ажурналистика аганахь ала Анатоли Шьониа аусура дшалагаз Ҭҟәарчалтәи ақалақьтә газеҭ аҿы.

"Нас аԥсуа телехәаԥшра анаадырты Аҟәаҟа аусура диасит. Азанааҭтә ҵара иоурц азы далгеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт, аха уи азмырхакәа ателехәаԥшратә курсқәагьы дрылгеит. Абарҭ зегьы алшара инаҭон ассистент иаҳасабала аусура, нас арежиссиор иаҳасаб ала", — иҳәеит иара.

Аиԥылараҿы иқәгылоз зегьы иазгәарҭон Анатоли Шьониа аԥсуа журналистикаҿы аџьабаа рацәаны ишибаз, лымкаала Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аан.

"Мрагыларатәи афронт аҟынтәи иҳауаз авидеонҵамҭақәа иаадырԥшуан аҭагылазаашьа зеиԥшраз. Иџьоушьаша, иара усҟан ихы ааирԥшит режиссиорк иаҳасаб ала мацара акәымкәа, дагьҭыхыҩны, дагьжурналистны, корреспондентк иаҳасаб алагьы амикрафон кны", — лҳәеит ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа.

Уи излалҳәаз ала, иугәалашәаша анҵамҭақәа даараӡа ирацәаны инижьит Анатоли Шьониа.

© Sputnik Бадраҟ АҩӡбаАжурналист, арежиссиор Анатоли Алықьса-иԥа Шьониа
Ажурналист, арежиссиор Анатоли Алықьса-иԥа Шьониа - Sputnik Аҧсны
Ажурналист, арежиссиор Анатоли Алықьса-иԥа Шьониа

"Иара гәыҵхас ишьҭихыз атемақәа рацәан, агәыԥ "Дед" аҭахара. Ихыблаа-ҿыблаа иҟаз аԥсыбаҩқәа анрырҭоз, Анатоли аҭыхрақәа мҩаԥигон, аха игәы иазымчҳақәа иԥсы илшәшәеит. Убасҟан акәзар ҟалап иара ичымазара ахы аныҵнахыз", — азгәалҭеит Бебиаԥҳа.

Аԥсуа телехәаԥшра архив аҟны иеиҳау аҭыԥ аннакылоит мрагыларатәи афронт аҟны иҟаз аҭыхрақәа, лҳәеит уи. Екатерина Бебиаԥҳа илгәалалыршәеит Анатоли Шьониа игәабзиара ҵызшәааз ахҭыс.

"Ԥхынгәы 2, 1993 шықәсазы Тамшь ахақәиҭтәраан аибашьцәа дрылагыланы аҭыхра дшаҿыз икаҳаз аснариад иахҟьаны, Анатоли ааха иоуит, даршәит иҭҟьаз аснариад", — лҳәеит уи.

Ажурналист Оҭар Лакырба иажәақәа рыла, аусураҿы Анатоли Шьониа дыцхырааҩын, апрфессионалтә ҟазшьақәа иман, ианакәызаалакгьы ҭакԥхықәрала иуыс дазнеиуан.

Ари ааха иоуз иахҟьаны Анатоли Шьониа иԥсҭазаара далҵит аибашьра анынҵәа ашьҭахь 1995 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0