Гәарамиа: Евразиа инхо ажәлар рассамблеиа Аԥсны ацхыраара анаҭоит

Анапаҵаҩра
Жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи Урыстәылатәи ракадемиаҟны лаҵарамза 27-29 рзы имҩаԥысуан Евразиатәи жәлар рассамблеиа раԥхьатәи ашьаҭаркратә еизара ду.

АҞӘА, рашәарамза 2 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи Урыстәылатәи ракадемиаҟны лаҵарамза 27-29 рзы имҩаԥысуан Евразиатәи жәлар рассамблеиа раԥхьатәи ашьаҭаркратә еизара ду.

Аизара ду иалахәыз ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа иҳәеит ассамблеиа ишалшо Аԥсны еиуеиԥшым аҭагылазаашьа уадаҩқәа рцәыхьчара. Абри атәы Гәарамиа далацәажәеит радио Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз.

Евразиатәи жәлар раԥхьатәи реизара ду иалахәын 50 тәыла рҟынтәи 1500-ҩык рҟынӡа ахаҭарнакцәа. Иуҳәар ауеит иеиҳабыратәым аиҿкаара аԥҵан ҳәа.

"Аизараҟны иҟаҵан аҳәынҭқаррақәа рхадацәа рахь ааԥхьара – адунеи аҟны аҭынчра аиқәырхаразы аҽеидкылара, аиадертә еибашьрахьы анеира алмыршара, жәларбжьаратәи атерроризм еицҿакрыла аҿагылара" — иҳәеит иара.

"Аилаҳара, аетнополитикатәии, аетномилаҭтәии еимакқәа, аибашьрақәа, амилаҭтә еиҿагыларақәа уаанӡа еицаҳзеиԥшыз аинтернационализм аԥырырхуа иалагеит. Абасеиԥш иуадаҩу аамҭақәа раан асоветтә ҵакыра иаҵанакуа ажәларқәа рзы Назарбаев иидеиа — Евразиатәи аидгыла аконцепциа акыр иактуалны иҟалеит. Уаанӡагьы абри аидеиа рылаҳәан 1994 шықәса рзы МГУ. МГУ аректор Виктор Садовничи евразиатәи аҵаратә ҵакыра идеологс дыҟан. Уажәы ари аидеологиа еиҭахацыркуп", — иҳәеит Гәарамиа.

ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Раԥхьатәи аевразистцәа ҳәа рзаҳҳәоит афилософцәа Николаи Трубецкои Петр Савицки. Урҭ ридеақәа аамҭақәак рышьҭахь аус рыдиулон еицырдыруа аҭоурыхдырыҩ Лев Гумилиов.

Ажәабжьқәа зегьы
0