Урыстәылатәи аруаа аԥхын иалагӡаны шәкы рҟынӡа ҵаратә-ҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит

© Sputnik Илона Хварцкия / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа аԥхын иалагӡаны шәкы рҟынӡа ҵаратә-ҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа аԥхын иалагӡаны шәкы рҟынӡа ҵаратә-ҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа аԥхын иалагӡаны шәкы рҟынӡа ҵаратә-ҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

АҞӘА, рашәарамза 2 – Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа аԥхын иалагӡаны шәкы рҟынӡа тактикатә, акоманда-штабтә, аҵара-ҽазыҟаҵаратә уснагӡатә мҩаԥыргоит ҳәа ааицҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев.

Аррамаҵзурауаа аԥхын аамҭа ҳәа ирызшьоуп хәымз. Абри аамҭа иалагӡаны рҭыԥқәа ирхыҵны 500 рҟынӡа адәныҟатә ҽазыҟаҵара ҷыдақәа мҩаԥыргараны иҟоуп.

Амотохысратә ҟәшақәа рыррамаҵзурауаа адәаҟны ирхыргоит ҩымз инарзынаԥшуа. Аҽазыҟаҵарақәа реиҳарак мҩаԥгахоит Амшын еиқәа акваториа иахьаҵанакуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0