Аҿартә театр иқәнаргылоит аспектакль ҿыц "Инаԥҳа Кьагәа"

© Sputnik Зафас ГамгьиаАҿартә театр иқәнаргылоит аспектакль ҿыц "Инаԥҳа Кьагәа"
Аҿартә театр иқәнаргылоит аспектакль ҿыц Инаԥҳа Кьагәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә аҿартә театр ахәаҧшыҩцәа ирыздырхиаз аспектакль апремиера мҩаԥысуеит рашәарамза 8-9 рзы Аҟәа Аԥсуа драматә театр ахыбраҿы.

АҞӘА, 4 рашәарамза — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Мҭы Ақаҩба ипиеса "Инаԥҳа Кьагәа" ала Аҳәынҭқарратә аҿартә театр аҿы аспектакль ықәиргылоит арежиссиор, Аԥсны жәлар рартист Шьалуа Гыцба. 

Шьалуа Гыцба уажәаԥхьа, асовет аамҭазы ахаԥшьгаратә театр аҿы иқәиргылахьан ари апиеса, аха дырҩегь дазхьаԥшырц иӡбеит, избан акәзар, иажәақәа рыла ажәлар ирдыруазароуп ажәытәан иҟаз афырхацәа рыхьӡқәа.

"Убри аҟынтә аҿар ирыдызгалеит ари апиеса ақәыргылара. Мапгьы ацәырымкит. Ароль хада назыгӡаша аҿартә театр аҿы Инаԥҳа Кьагәа ихаҿсахьа аарԥшра зылшаша актиорцәа ыҟоуп, аха аӡәы далкааны идысҵеит", — иҳәеит Гыцба.

Ароль хада наигӡоит актиор Аслан Анқәаб. Аҳәынҭқарратә аҿартә театр аҿы аспектакльқәа реиҳарак рҿы иара ихадароу арольқәа наигӡоит. Иҳәеит уи шҭакԥхықәроу иара изы.

"Инаԥҳа Кьагәа анхаҩы жәлар дрыцхраауан. Ҭауади аамсҭеи аџьамыӷәа цәгьа иҭадыргылон ауаа, уи даҿагылон Инаԥҳа Кьагәа. Излаилшоз ала иаҿаԥиҽуан аиашамра", — иҳәеит Аслан Анқәаб. 

Шьалуа Гыцба еиҭеиҳәеит Мҭы Ақаҩба ҩ-пиесак шраку дзыхьӡаз аҩра, аԥсуа автор ддырӡит 1936 шықәсазы. 

Аҳәынҭқарратә аҿартә театр ахәаҧшцәа ирыздырхиаз аспектакль апремиера мҩаԥысуеит рашәарамза 8-9 рзы Аҟәа Аԥсуа драматә театр ахыбраҿы.  

Авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра

Ажәабжьқәа зегьы
0