Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik
Папасқьыр имҩа Аҟәатәи ашьха иаԥнуп. Ара инхо проблемак акәым ирымоу. Аха зегь раасҭа уацәшәартә иҟоуп аӡеизакырҭа иацәцо аӡы рынхарҭа ҭыԥқәа иахьрыҵало. Ицәааку адгьылқәа маҷ-маҷ иҳәазоит. Мшаԥымзазы амҩа иаваҵан инашьҭыз аҭӡы каҳаит.
"Иаарласны џьара ак ҟаҵамзар арыцҳара ҟалоит. Адгьыл ааҳәазар, ҳаҩнқәа аманы ицоит", — лҳәоит уи амҩаҿы инхо Ирина Минчец.
Уи адагьы ари аҭыԥ аҿы аӡылбаашьҭырҭақәа аус руам. Урҭ зегьы алыкь рҭоуп.
"Аӡылбаашьҭырҭақәа лыкьла ишәаҳауп. Аӡымҩангага акәзар, ишьоуп, аӡы адгьыл ҵнаӡәӡәаауеит", — лҳәоит Ирина.
Ара инхо ауааԥсыра аизара мҩаԥыргеит.
"Сышҭаҿ игылоу агараж ҩынтәуп ишьоижьҭеи", — лҳәоит урҭ руаӡәк.
Дара ишырҳәо ала 2016 шықәсазы рпроблема Аминистрцәа Реилазаара азхьаԥшра анаҭеит, аха нас зегьы еиԥхьбеит.
Аԥсны Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Џьыкырба Sputnik иазеиҭеиҳәеит агәаҭаратә усурақәа шымҩаԥгатәу.
"Нас ауп иҟаҵатәу анаадыруа. Ҳәарада аӡымҩангагақәа еиҭашьақәыргылатәуп. Уи адагьы адгьылрӷәӷәага ҭӡы еиҭашьақәыргылатәуп. Уи акыр иуашәшәыроуп", — иҳәоит иара.
Иара убасгьы имҩаԥгатәуп анџьныр-геологтә гәаҭарақәа.
Аҭӡы еиҭашьақәмыргылахар, адгьыл зегьы ҳәазар ауеит, ҳәа иазиԥхьаӡоит Џьыкырба. Аҭыԥантәи ауаа ракәзар азхьаԥшра рмоур амашәыр ҟалоит ҳәа ирыԥхьаӡоит.