Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьалуа Гыцба: "амца иақәуҵар имбылуа" ҳәа ззырҳәоз иакәын Инаԥҳа Кьагәа

© Sputnik / Илона ХварцкияАԥсны жәлар рартист, арежиссиор Шьалуа Гыцба
Аԥсны жәлар рартист, арежиссиор Шьалуа Гыцба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рартист, арежиссиор Шьалуа Гыцбеи Аҳәынҭқарратә аҿартә театр анапхгаҩы Аслан Еныкьи Sputnik Аԥсны арадиостудиаҿы иазааҭгылеит рашәара 8 рзы имҩаԥысраны иҟоу апремиера, ахәаԥшцәа идырбахоит аспектакль "Инаԥҳа Кьагәа".

"Ҳара иҳамоуп ирацәаҩны Жәлар Рфырхацәа, Инаԥҳа Кьагәа итәы ҳҳәозар, сара иахьынӡаздыруа "амца иақәуҵар имбылуа" ҳәа ззырҳәоз иакәын, ҭауади аамсҭеи дырҿагылон, аха иахьынӡахәҭоу ажәлар ирызнагам уи иҟаиҵаз зегьы", — иҳәеит Гыцба.

Шьалуа Гыцбеи Аслан Еныкьи азааҭгылеит аспектакль "Инаԥҳа Кьагәа"

Аҳәынҭқарратә аҿартә театр ахәаҧшцәа ирыздырхиаз аспектакль апремиера мҩаԥысуеит рашәарамза 8-9 рзы Аҟәа Аԥсуа драматә театр ахыбраҿы.  

Ажәабжьқәа зегьы
0