00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Акоманда аҳақьым: ашьапылампыл асыҩцәа аԥсшьарамш рымоуп

© Sputnik / Алхас МанаргияАԥснытәи акоманда
Аԥснытәи акоманда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Европа ачемпионат ConIFA 2017, рашәара 4 - 11 рзы Аҩадатәи Кипр имҩаԥысуа аҿы Аԥснытәи акоманда қәҿиарала иқәгылоит.

АҞӘА, рашәара 8 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Хымштәи есҽынтәи ахәмаррақәа рышьҭахь акоманда рашәара 8 рыԥсшьарамшуп. Уи иалнаршоит ашьапылампыл асыҩцәа рымчқәа реиҭашьақәыргылара.

Абри атәы Sputnik арадио аусзуҩы Алхас Манаргьиа изеиҭеиҳәеит акоманда аҳақьым Игор Киселиов.

Аҳақьым иажәақәа рыла ашьапылампыл асыҩцәа рҭагылазаашьа бзиоуп.

"Даарак иааԥсаны иҟоуп ҳәа сызҳәом. Кипр ианнеи актәи амш аҽныҵәҟьа аҽазыҟаҵарахь инеир акәхеит. Аџьа рбоит, аха ҳаҷкәынцәа азыҟаҵара бзиа рымоуп", — иҳәоит Киселиов.

"Аиҳарак ираҳҭо авитаминқәа роуп. Иара убас схы иасырхәоит амануалтә терапиа. Ахәмаррақәа рышьҭахь зны-зынла уаха асааҭ акы-ҩбанӡа апроцедурақәа мҩаԥаагоит", — иҳәоит аҳақьым.

Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала ачемпионат иалагеит рашәара 4 рзы, ихыркәшахоит рашәара 10 рзы финалтә хәмаррала. Аԥсны еизгоу акоманда аҵәҭаԥсарала агәыԥ "А" аҟны ихәмаруеит. Аԥснытәи акоманда ачемпионат аԥшәмацәа, Аҩадатәи Кипр ахәмарыҩцәа ирыцықәгылоит.

Абри агәыԥ ахь иақәшәеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Карпаталиеи ркомандақәагьы. Атурнир иалахәуп аа-командак. Агәыԥ "В" ахь иаҵанакит: Паданиа, Секеитәи атәылаҿацә, Ницца, адгьылбжьахақәа Мен ркомандақәа. Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала ачемпионат иалагеит рашәарамза 4 рзы, ихыркәшахоит рашәарамза 10 рзы финалтә хәмаррала.

Ажәабжьқәа зегьы
0