АҞӘА, рашәарамза 8 – Sputnik. Аҭҵаарақәа рылкаақәа инарықәыршәаны Ifop адыррақәа рыла европатәи атәылақәа реиҳарак руааԥсыра иазырыԥхьаӡоит НАТО иақәырхарџьуа аԥарақәа рацәацәоуп ҳәа. Аиҳарак усеиԥш ирыԥхьаӡоит Италиа ауааԥсыра, зегь раасҭа усеиԥш агәаанагара рымам Британиа инхо.
НАТО абиуџьет ахь алагалақәа ирыцҵатәуп ҳәа ажәадгала ҟаиҵеит Дональд Трамп
Ifop имҩаԥнагаз азҵаараҭҵаара инақәыршәаны италиаа (53%), анемеццәа (47%) НАТО ахь алагалақәа рацәацәоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.
Иара убри аамҭазы афранцызцәа (35%) абританцәа (25%) ирыԥхьаӡоит атәылахьчараз ахарџьқәа ирыцҵатәым ҳәа.
НАТО афинансркра иацҵаны имҩаԥгатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит абританцәа рҟынтәи 54%. Уи иақәшаҳаҭым 44% афранцызцәа, 36% анемеццәа.
Франциеи Британиа Дуи рҟны атәылахьчараз абиуџьет иацзароуп ҳәа ирыԥхьаӡоит аиҳарак аиҵбыратә абиԥара, Германиеи Италиеи – абиԥара еиҳабыра.
Германиеи Италиеи рҟны НАТО азы ахарџьқәа рацәацәоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит иреиҳау аҵара змоу ауаа.
Аҭҵаарақәа мҩаԥнагон Франциатәи аилахәыра Ifop.