"Абхазпродекспорт" Аԥснытәи агроаалыҵ Урыстәылаҟа ашьҭра иацхраалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи аалыҵ
Аԥснытәи аалыҵ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба Sputnik иазеиҭеиҳәеит ҿыц еиҿкаау анаплакы "Абхазпродекспорт" агроаалыҵ Аԥсны анҭыҵҟа агаразы асертификациа ахысра шеиҿнакаауа атәы.

АҞӘА, рашәарамза 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистрраҟны ҿыц еиҿкаау анаплакы "Абхазпродекспорт" агроаалыҵ Аԥсны анҭыҵҟа агаразы асертификациа ахысра шеиҿнакаауа атәы.

"Анаплакы аартра иармариоит ҳааглыхыҩцәа рџьабаа. Ааигәа атәыла Ахада Очамчыра араион аҿы усутә визитла даныҟаз адҵа ҟаиҵеит ақыҭанхамҩа аус знапы алаку раалыҵ ареспублика аҩныҵҟаиԥш анҭыҵгьы аҭира аус армариара еиҿкаахарц", — иҳәеит аминистр.

Иара иажәақәа рыла анаплакы асертификатқәа азнархиалоит, аалыҵ аҳәаа ахыгараан проблема ҟамларц азы.

"Амаҵзура ахахьы иагоит Аԥсны иаадрыхуа агроаалыҵ Урыстәыла иахьаҵанакуа зегьы аҭира ацхыраара аҭара, аалыҵ аҵәахра алыршара. Ҳгәыӷуеит анаплакы зҿу аус ақәманшәалахап ҳәа", — иҳәоит Ҭарба.

Даур Ҭарба иазгәеиҭеит наплакыҩцәақәак раалыҵ ахәԥса акыр иҵаҵӷәыданы ишыҳараркуа, иаразнакы иршәаз аԥара дырхынҳәыр шырҭаху.

"Ус иауӡом. Ахәԥса ашьақәыргыларатә политика ахатә ҷыдарақәа амоуп. Убас, Урыстәылантәи аҵыҵындра 150 мааҭ ҳәа иааганы аџьырмыкьаҿ иаҳҭиуазар, Аԥсны иаадрыхуа аҵыҵындра 300 мааҭ изаԥсахои?", — иҳәеит Ҭарба.

Ақыҭанхамҩа аминистрра 2017 шықәсазы Аԥснытәи агроаалыҵ ахышәа-ҵышәа аԥхьаӡара мҩаԥнагоит адыррақәа урыстәылатәи аинстанциақәа рахь анашьҭразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0