Аԥсны аҿар ашьа аизгара инамаданы акциа рҽаладырхәуеит

© Sputnik / Варвара Гертье / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны аҿар ашьа аизгара инамаданы акциа рҽаладырхәуеит
Аԥсны аҿар ашьа аизгара инамаданы акциа рҽаладырхәуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи, Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилаки, аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсныи еицымҩаԥыргоит ашьа аизгара инамаданы агәыҳалалратә акциа рашәара 14 рзы.

АҞӘА, рашәара 9 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҿартә хеилакқәа кыршықәса ҵуеит ашьа аизгара инамаданы агәыҳалалратә акциақәа рыҽрыладырхәуеижьҭеи. Абри атәы арадио Sputnik астудиаҿы иҳәеит Аԥсны аҿартә хеилак "Аԥсны ҿа" аиҳабы Анри Гәдалиа. 

Гәдалиа иажәақәа рыла, раԥхьаӡа уи апроблема атәы еиликааит иҩыза арра дшыҟаз амашәыр данақәшәа ашьҭахь. 

"Ашьа ԥшаатәхеит. Аҷкәынцәа ҳааидтәаланы ҳазхәыцит. Аԥсуаа апроблема анҳаулак ауп азхәыцра ҳаналаго. Еилаҳкааит ахәышәтәырҭақәа рҿы ашьа азымхара шыҟоу. Ҳааидгыланы ҳҩыза ашьа иаҳҭеит, нас акциа ҳасабала иҳаӡбеит имҩаԥаҳгарц", — иҳәеит Анри Гәдалиа.

Аҟәа ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы иҳаҵарҳәеит еиҳа еиӷьны ишымҩаԥгатәыз. 

"Еиқәҳаршәеит ашьа аҭара иазыхио рсиа, аҭел аномерқәа анҵаны", — еиҭеиҳәеит Гәдалиа.

Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба иазгәеиҭеит, аҿар рҟынтә агәыҳалалратә акциа зҽалазырхәуа еснагь рхыԥхьаӡара ишазҳауа.

"Жәытә-натә аахыс аԥсуаа агәыҳалалра рылан. Еиҳа мчымхарак иақәшәаз ицхраара уалԥшьас ирыԥхьаӡон, — иҳәеит Аҩӡба. – Амашәыр аныҟалалак аамҭа маҷуп, уахьӡароуп ашьа аԥшаара". 

Иара иажәақәа рыла раԥхьаӡа 42-ҩык акциа рхы аладырхәит. 

Рашәара 14 рзы ашьа аизгара инамаданы, имҩаԥысраны иҟоу агәыҳалалратә акциа. Рҽаладырхәырц рылшоит 18 шықәса инаркны 55 шықәса рҟынӡа зхыҵуа атәыла ауааԥсыра, урҭ рахь ааԥхьара ҟарцеит акциа аиҿкааҩцәа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи, Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилаки, аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсныи. 

Арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Ажәабжьқәа зегьы
0