Аԥснытәи аҽыҩҷкәын Урыстәыла Ахада иаԥхьахә агаразы аиндаҭлараҿы аиааира игеит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснытәи аҽыҩҷкәын Урыстәыла Ахада иаԥхьахә агаразы аиндаҭлараҿы аиааира игеит
Аԥснытәи аҽыҩҷкәын Урыстәыла Ахада иаԥхьахә агаразы аиндаҭлараҿы аиааира игеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи аипподром хадаҿы Урыстәыла Ахада иаԥхьахә агаразы иқәгылан ашьацқьа злоу аҽқәа 12, аԥхьахәтә фонд 30 миллион ыҟан.

АҞӘА, рашәара 12 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥснытәи аҽыҩҷкәын Станислав Круглыхин дзықәтәаз аҽыҩ Конард Лорд Урыстәыла Ахада иаԥхьахә агараан аиааира игеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны аҽтәы спорт Афедерациа аиҳабы Аслан Камлиа.

Аҽыҩ Конард Лорд 2400 метра иахысит 2 минуҭки 32 секунды рыла. Аиааира згаз 10 миллион мааҭк ианашьоуп. Уи адагьы аҽыҩ искульптура ҳамҭас иҭоуп. Ҳамҭас иҭоуп хьыӡҳәалатәи аҽуапҵаршә. Аицлабра аиҿкааҩцәа аԥхьахә — Ахраҿа, ҷыдала инапы иадыркит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Камлиа иажәақәа рыла раԥхьаӡа акәны аԥсуа ҽы Урыстәыла Ахада иаԥхьахә анашьахеит.

"Ҳгәырӷьара ҳәаадоуп. Урыстәыла Ахада Ихраҿа раԥхьаӡа акәны аԥсуа ҽы иагеит. Ҳара ҳзы ари зеиԥш ҟамлац хҭысуп", — иҳәеит иара.

Атәыла Ахада зхадараҿы дыҟаз аԥсуа делегациа аҽырыҩра иалахәын. Аҽырыҩра иалахәын иара убасгьы ахԥатәи аҭыԥ аанызкылаз аҽыҩ Фаст-Керл (Ахра Ашәба иҽы).

Аслан Камлиа иҳәеит ишрыгәҭаку Урыстәыла аҳәаақәагьы ирхысны Европатәи ақәгыларақәа рҽырзыҟаҵара.

Аҽқәа рыхьӡқәа ртәы дазааҭгыло Камлиа иҳәеит:

"Арҭ аҽқәа Германиа, Голландиа, Англиа, Америка рҟынтәи иаагоуп. Рыхьыӡқәагьы уоуп иахьроуз. Уажәы ҳара ҳхатәы ҽыҩқәа рааӡара ҳагәҭакуп. Ҽааны иқәҳаргылараны иҟоу аҽыҩқәа Амза, Риҵа, Аԥсны ҳәа рыхьыӡхар алшоит", — иҳәеит иара.

Москватәи аипподром хадаҿы Урыстәыла Ахада иаԥхьахә агаразы иқәгылан ашьацқьа злоу аҽқәа 12, аԥхьахәтә фонд 30 миллион ыҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0