Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аида Чачхалиаԥҳа: Тҟәарчал ауааԥсыра аӡыржәтә рызнаргеит АҶА аусзуҩцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукҬҟәарчал араион Ахада Аида Чачхалиаԥҳа
Ҭҟәарчал араион Ахада Аида Чачхалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәахьа, рашәара 12 рзы ақәаршыҩқәа ирыхҟьаны Тҟәарчал ақалақь ӡыла еиқәзыршәоз аӡиас адгьыл бганы иҭаҳаит.

Ҭҟәарчал араион Ахада Аида Чачхалиаԥҳа лажәақәа рыла, иахьазы Тҟәарчал ауааԥсыра аӡыржәтә рызнаргеит АҶА аусзуҩцәа, уи азы ҭабуп ҳәагьы ахылҳәаауеит.

Инарҭбааны ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра

"Мышқәак раԥхьа илеиз ақәыршыҩ иахҟьаны Ҭҟәарчал араион ауааԥсыра аӡыржәтә рымаӡам. Иахьазы апроблема аԥырҟәҟәаразы аусурақәа цоит.  Аӡеизакырҭатә станциаҿ афильтрқәа рықәыргылара иаҿуп, аусурақәа хацыркын шықәсыбжак аԥхьа. Иҳәатәуп, уи 25 шықәса акгьы шазумыз", — лҳәеит Чачхалиаԥҳа.

Аида Чачхалиаԥҳа еиҭалҳәеит Тҟәарчал аӡыржәтә аҟамзаара зыхьҟьаз

Араион ахада макьаназ илызҳәом аӡы ужәыртәеиԥш ианыҟало, избан акәзар атрубақәа анышә рацәаны иҭаԥсоуп, ус иаарласны ауаҩы имч ақәхартә иҟам.


Ажәабжьқәа зегьы
0