00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ричард Чкадуа ишәҟәы "Чан" (Аиаҳәа) Искандер ипремиа аиуразы ашорт-лист ианылеит

© Sputnik Зафас ГамгияРичард Чкадуа ишәҟәы "Чан"
Ричард Чкадуа ишәҟәы Чан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи ПЕН-центр ирыланаҳәеит Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа аиуразы иқәгылоу ршорт-лист. Арахь иаҵанакит апрозатә рҿиамҭақәа быжьба, апоезиатә рҿиамҭақәа хәба, киносценариак.

АҞӘА, рашәарамза 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ричард Чкадуа иажәабжьқәа реизга "Чан" Искандер ипремиа аиуразы ашорт-лист ианылеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аконкурс ажиури ахантәаҩы, ашәҟәыҩҩы Евгени Попов.

"Ҳара даара икылкааны иалаҳкаауан аконкурс ахь инашьҭыз азыҳәақәа. Урҭ Фазиль Искандер иидеиақәа ирзааигәазар акәын. Ашорт-лист ианылаз рахь иаҵанакуеит: Александр Кабаков иажәабжь "Камера хранения", Александр Мелихов ироман "Свидание с Квазимодо", Александр Снегириов ирҿиамҭақәа, иара убас Ричард Чкадуа иажәабжьқәа реизга", — иҳәеит иара.

Ричард Чкадуа ипроза акыр ахә ҳаракны иршьеит аконкурс ажиури алахәылацәа, иҳәеит Евгени Попов.

"Ашорт-лист ахь иаҵанакит апрозатә рҿиамҭақәа быжьба, апоезиатә рҿиамҭақәа хәба, Аслан Галазов икиносценари", — иҳәеит ажиури ахантәаҩы.

Ричард Чкадуа еиԥш Фазиль Искандер ипремиа аиура рҽазыршәон: Игор Хәарцкьиа ("Дом на окраине"), Витали Шариа ("Букет Абхазии"). Аха арҭ аусумҭақәа ашорт-лист ианымлеит.

Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа шьаҭанаркит Урыстәылатәи ПЕН-центр.

Аусумҭақәа рыдкылара хацыркын ԥхынҷкәын 1 2016 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0