Сира Аҩӡԥҳа: ҳҵараиурҭа аҭоурых дуӡӡа змоу культуратә хәышҭаароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа 60 шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥысуеит
Аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа 60 шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 14 рзы Аҟәа, Аҳәынҭқарратә филармониа аҟны имҩаԥгахоит Аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа 60 шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә хәылԥазы.

АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҳҵараиурҭа аҭоурых дуӡӡа змоу культуратә хәышҭаароуп, лҳәеит Аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳа.

"Сынтәа аҵарашықәс ҳанҭала инаркны, ҳҵараиурҭа 60 шықәса ахыҵит. Ҳҵараиурҭа анышьақәгылоз ауадаҩрақәагьы ыҟан, еиуеиԥшым аҭоурыхтә аамҭақәа ахыганы аҵараиурҭа амҩа изну аҽарҭбаауеит", — лҳәеит уи.

Сира Аҩӡԥҳа иазгәалҭеит акультуратә ҵараиурҭа аҿы аус зуа арҵаҩцәа рыжәҩахыр еибыҭаны аҿар рааӡара ишаҿу.

"Узеигәырӷьаша аҿар ҳамоуп ҳаԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа ззыԥшу, аҵараиурҭа иамаз атрадициақәа ирыцҵо ҳааиуеит иахьагьы", — лҳәеит Аҩӡԥҳа.

Сира Аҩӡԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Акультуратә ҵараиурҭаҿы иаартуп ҩ-ҟәшак – ахориографиатә ҟәшеи, жәлар рмузыка аҟәшеи, азгәалҭеит лара.

"Ахориографиатә ҟәшаҿы аԥсуа жәлар рыкәашарақәа рыдагьы, адунеи егьырҭ ажәларқәа рыкәашарақәа ддырҵоит астудентцәа. Иҳалшеит аибашьра ашьҭахь аҵараиурҭа аҿар раҵааӡара. Раԥхьатәи ҳаужьҭымҭацәа аҳәаанырцәҟа идәықәҳҵаз ыҟоуп рҵара иацырҵарц азы. Урҭ аԥышәа бзиа рыманы иааны уаареигәырӷьартә аԥеиԥш бзиа рыманы иҟоуп, аус руеит", — лҳәеит Сира Аҩӡԥҳа. 

Уи лажәақәа рыла, Аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа аҟны аус руеит акыр шықәса аус зухьоу аԥышәа ду змоу арҵаҩцәеи, урҭ руыс иацызҵо аҿари.

Ажәабжьқәа зегьы
0