Авто Конџьариа Кавказ амузыкатә премиа "Ахьтәы микрофон" ианашьахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАшәаҳәаҩ Автандил Конџьариа
Ашәаҳәаҩ Автандил Конџьариа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟабарда-Балкариа рашәара 14 рзы имҩаԥысит XIII амузыкатә фестиваль "Ахьтәы микрофон". Афестиваль иалахәын Нхыҵ Кавказ, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла ашәаҳәаҩцәа.

АҞӘА, рашәара 15— Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Афестиваль ажиури алахәылацәа Автандил Конџьариа ианаршьеит "Ахьтәы микрофон". Абри атәы ҭелла Нальчикынтә иааицҳаит ашәаҳәаҩ ихаҭа.

Автандил Конџьариа раԥхьаӡа акәны афестиваль далахәын. Уаанӡа Аԥсны ахьӡала афестиваль рҽалдырхәхьан ашәаҳәаҩ Анатоли Алҭеибеи, аџьаз шәаҳәаҩ Ҭамара Вороновеи.

Конџьариа инеигӡеит ашәа "Дабаҟоу", уахь ааԥхьара ииҭеит Аԥсны иҟоу Артиитә еилакы ахаҭарнак Нури Кәарҷиа.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан афестиваль мҩаԥысуан Даӷьысҭан, Чечниа, Москва. Сынтәа иара мҩаԥысит Ҟабарда-Балкариа.

"Ирацәаҩны ашәаҳәаҩцәеи сареи ҳаибадырит. Аахыҵ Уаԥстәылатәи акомпозитор, Алексеи Чумаков изы амузыка зыҩуа Маргарита Бираговеи сареи ҳаибадырит. Лара лассы Аԥсныҟа даараны дыҟоуп", — иҳәеит Конџьариа.

Еицырдыруа аԥсуа шәаҳәаҩы Автандил Конџьариа Москватәи акультура аинститут ахԥатәи акурс аҿы, атеатралтә ныҳәақәеи ақәыргыламҭақәеи ррежиссиорс аҵара иҵоит. Ихатәы концерт мҩаԥигахьеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы, амузыкатә диск "Бара бзы" ҭижьхьеит.

Диплом
Диплом - Sputnik Аҧсны
Диплом

Конџьариа иаԥхьаҟатәи ипланқәа дрылацәажәо иҳәеит амузыкатә шоу "Голос" аҽалархәра игәы ишҭоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0