"Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" ахылаԥшратә хеилак напхгара аиҭоит Игорь Барцыц

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" ахылаԥшратә хеилак напхгара аиҭоит Игорь Барцыц
Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа ахылаԥшратә хеилак напхгара аиҭоит Игорь Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаарласны Аҟәа иаатраны иҟоуп аиҿкаара "Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" ауаажәларратә дкыларҭа. Уахь днеир илшоит дарбанызаалак имоу ауадаҩра аӡбразы.

АҞӘА, рашәарамза 20 – Sputnik, Мария Шелудиакова. Аиҿкаара "Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" ахылаԥшратә хеилак напхгара аиҭоит еицырдыруа азиндырыҩ, РАНХиГС ИГСУ афакультет адиректор Игорь Барцыц. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит аиҿкаара акоординатор Даур Барганџьиа.

Агәыҳалалра ақәҵарҭа - зылшара маҷу рзы ацхыраара Аҟәа иаатит - Sputnik Аҧсны
"Агәыҳалалра ақәҵарҭа" - зылшара маҷу рзы ацхыраара Аҟәа иаатит

Ахылаԥшратә хеилак апроектқәа разырхиареи рылацәажәареи мҩаԥнагалоит.

Ахеилак аилазаара иалоуп: Москва иҟоу аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба, ашьапылампыласыҩ Ахрик Цәеиба, ахоккеист Адгәыр Џьугьелиа. Иаарласны Аҟәа иаатраны иҟоуп аиҿкаара "Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа"ауаажәларратә дкыларҭа. Ауаажәларратә дкыларҭаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа дыҟазаауеит аҷаԥшьаҩ. Аиҿкаара инанагӡоит агәабзиарахьчара, аҵара, аспорт уҳәа еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны апроектқәа.

Еиҳа инарҭбаау аинформациа аиура алшоит ааигәа аусура иалагаз асаит аҟны: poslyapsny.org.

Ажәабжьқәа зегьы
0