АҞӘА, рашәара 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Дзиудо азы аҿар рыбжьара IX Жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны ахраҿа" аатит рашәара 21 рзы, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, аицлабра аӡбаҩ хада Андреи Погосов.
"Атурнир уаанӡа "Амер ихраҿа" ҳәа иашьҭан, ҵыԥх аахыс "Аԥсны ахраҿа" ахьӡхеит. Атурнир аҿы иқәгылоит 23 команда, 412 спортсмен", — иҳәеит иара.
Андреи Погосов иазгәеиҭеит Белоруссиа сынтәа раԥхьаӡа акәны аицлабра ишалахәхаз.
"Ари атурнир еиҳарак иззырхо атәыла анҭыҵ изықәымгыло ҳаспортсменцәа роуп. Жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҟны ҳбираҟ ҳаҵагылан ақәгылара ҳалшом, убри азы Урыстәыла арегионқәа рыхьӡала ҳақәгылоит", — иҳәеит азыҟаҵаҩ.
Атурнир иалахәу рышықәсԥхьаӡара 7 — 15 ыҟоуп. Актәи амш аҽны аԥсуа дзиудоистцәа ироуит ахьтәы медалқәа хԥа. Иара убриаҟара роуит Ҟарачы-Черқьестәи аспортсменцәа.