Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа ауаажәларратә дкыларҭа аадыртит

© Sputnik / Томас ТхайцукАгәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа ауаажәларратә дкыларҭа аадыртит
Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа ауаажәларратә дкыларҭа аадыртит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа официалла иаатит Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа руаажәларратә дкыларҭа.

АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аҟәа официалла иаатит Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа руаажәларратә дкыларҭа. Аӡыргара иалахәыз Кан Ҭаниа иазгәеиҭеит, уажәшьҭа дарбанызаалак атәылауаҩ ишиоуа алшара агәыҳалалратә еиҿкаара ауаажәларратә дкыларҭахь днеины ипроектқәа рыдигаларц.

"Дарбанызаалак атәылауаҩ илшоит дҳадҵааларц, апроектқәа ааигарц", — иҳәеит Ҭаниа.

Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩ Камма Гоԥиаԥҳа иазгәалҭеит агәыҳалалратә еиҽкаара аҿар ацхыраара шырнаҭало.

"Ҳара еснагь иҳазхомызт аиҿкаарақәа, аҿар ацхыраара рызҭалаша, иҳамамызт урҭ рхы ахьаадырԥшышыз, ридеақәа ахьцәырыргашаз. Уажәы ҳара зегьы ҳаидгыланы урҭ ҳрыцхраалашт", — лҳәеит лара.

Уажәазы ихацыркуп апроект "Агәыҳалалра ақәҵарҭа". Макьаназ уи аус ахьауа Аҟәа ауп, аха иаизыԥхьагәаҭоуп егьырҭ ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рҟынгьы аусура.

Ауаажәларратә дкыларҭа аус ауеит Аҟәа, Пушкин имҩ. 16, абизнес-центр "Гәдоу Плаза" 5 аихагылаҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0