Ада Кәарҷалиаԥҳа дазааҭгылеит ахатәы бызшәа аҵаразы акурсқәа
Аҳәынҭқарратә усзуҩцәа егьырҭ иддырбароуп абызшәа аҳаҭыр шышьҭыхтәу, лҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Ада Кәарҷалиаԥҳа.
"Раԥхьаӡа иргыланы арҭ акурсқәа аԥаҳҵеит Ахәынҭқарра ахада иусԥҟала, идҵала. Лассы-лассы иҳазҵаауеит ахатәы бызшәа аҵара аҳәынҭқарратә усбырҭақәа аусзуҩцәа рыла шәзалагеи ҳәа, дара ҿырԥшыгоуп, уи азоуп дара рыла ҳзалагаз. Дара импульс ҳасабала егьырҭгьы иддырбароуп аҳәынҭқарратә бызшәа аҳаҭыр шышьҭыхтәу", — лҳәеит лара.