Аԥснытәи афермерцәа урыстәылатәи ақыҭанхамҩатә техника ҭырҵаауан

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи афермерцәа урыстәылатәи ақыҭанхамҩатә техника ҭырҵаауан
Аԥснытәи афермерцәа урыстәылатәи ақыҭанхамҩатә техника ҭырҵаауан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәаба инареиҳаны ақыҭанхамҩатә техника аҭыжьра знапы алаку урыстәылатәи анаплакқәа ртехника ӡырыргеит.

АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Рашәара 28 рзы, абизнес-миссиа аҳәаақәа иирҭагӡаны жаба инареиҳаны ақыҭанхамҩатә техника аҭыжьра знапы алаку урыстәылатәи анаплакқәа ртехника ӡырыргеит.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Владимир Некрасов иҳәеит, ақыҭанхамҩатә техника аахәара алшоит аԥыжәаратә ҭагылазаашьақәа аманы ҳәа.

"Ҳара хықәкны иҳамоуп Аԥснытәи афермерцәа ҳаалыҵ дырбара. Абри ауснагӡатә ашьҭахь сгәыӷуеит ажәадгалақәа ҳауп ҳәа, еиуеиԥшым атехниказы азыҳәақәа ҳарҭап ҳәа. Ԥхьаҟазы ҳаргьы Урыстәыла аиҳабыра ирыдаагалап альготатә схемақәа рыла атехника Аԥсныҟа аагара аԥаразоужьра азырурц", — иҳәеит Некрасов.

Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба асасцәа ирзеиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аусхк аҿиара Аԥсны азы еснагь аԥыжәара аманы ишыҟаз.

Иара убасгьы иҳәеит атәыла аиҳабыра хымԥада ареспублика аграрицәа адгылара шрырҭо.

"Ҳқыҭанхамҩа аусзуҩцәа уаҩҵас иазхәыцроуп ирҭаху, зыда ихәарҭам. Иазырхиатәуп абизнес-планқәа", — иҳәеит Ешба.

Ареспублика Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба иқәгылараан асасцәа азхьеирԥшит аҭыԥантәи агроҳауатә ҭагылазаашьа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусура шалнаршо.

"Ауҭраҭыхааӡара, аԥстәааӡара, ашьхааӡара уҳәа рырҿиара аҭахуп. Иахәҭоуп ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа рхархәара. Аԥсны аекономикатә ҿиара ақыҭанхамҩа иадҳәалоуп", — иҳәеит Ҭарба.

Абизнес-миссиа еиҿкаауп урыстәыла-аԥснытәи ахәаахәҭра-економикатә усеицура аҳәаақәа ирҭакны. Абизнес-миссиа аиҿкаара мҩаԥыргеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ахәаахәҭратә хаҭарнакреи Урыстәылатәи ассоциациа "Росспецмаши".

Ажәабжьқәа зегьы
0