Амбарцум Кешешиан 20 шықәса иқәырҵеит

© SputnikАӡбарҭа
Аӡбарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьбати акласс аҵаҩы Вержине Сурменелиан лыԥсыбаҩ рбеит ԥхынҷкәын 2 2013 шықәса рзы Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан.

АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбрала Амбарцум Кешешиан 20 шықәса иқәырҵеит иԥҳа лӷьычреи лышьреи ахьеиҿикааз азы.

Апрокуратура хада аҳәара ҟанаҵон Амбарцум Кешешиан иԥсҭазаара зегьы ҭакрала ихгара иқәырҵарц, аха аӡбаҩ иара ҩеижәа шықәса иқәиҵеит.

Апрокуратура адыррақәа рыла Амбарцум Кешишиан иԥҳа лышьрала лара лцәа шԥиҽыз иӡарц иҭахын. Ашьаусҭҵаара ишышьақәнаргылаз ала Кешишиан идыр Михаил Буриак иԥҳа амш лылагара идиҵеит. Убри ашьҭахь иара иԥҳа дишьит. Убри ала иара ихара Михаил Буриак ихареиҵар иҭахын. Буриак иакәзар 19 шықәса ҭакрыла ихигараны дыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0