Алиас Аҩӡба ԥхынгәы 5-6 рзы имҩаԥысуа апроект "Афырхацәа рымҩала" захьӡу дазааҭгылеит
"Сынтәа ари апроект фынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи, раԥхьаӡа ихацзыркыз аҿар рхеилак "Аԥсны ҿа" ауп, иахьа уажәраанӡагьы ацхыраара ҳарҭоит. Есышықәса акциа иалахәу рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иазҳауеит", — ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.