Каман урыстәылатәи аҳамҭа рыԥшьеит

© Sputnik Роберт ДжопуаКаман урыстәылатәи аҳамҭа рыԥшьеит
Каман урыстәылатәи аҳамҭа рыԥшьеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Камантәи ауахәама асаркьалқәа ԥсаххоит аҿыцқәа рыла.

АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Асаркьал ҿыцқәа рыԥшьара ацеремониа мҩаԥысит Иоанн Ахьҿы Камантәи иуахәамаҟны аҩаша, ԥхынгәы 4 рзы.

Sputnik акорреспондент аинтервиу изҭоз аигумен Игнати (Киут) еиҭеиҳәеит, асаркьалқәа урыстәылатәи ауахәама аҭааҩцәа ишырҳамҭоу.

"Асаркьалбжьы ауахәамазы ихымԥадоуп. Иара аҵак ҷыда амоуп. Асаркьалқәа рыбжьалоуп ишалагоу анцәаимҵаныҳәаратә уснагӡатәқәа зегьы. Иаралоуп ишыхдыркәшогьы", — иҳәоит аб Игнати.

Ауахәама асаркьалқәа ҳамҭас иазҭаз Москва амҵа инхо Сергеи Горобец иажәақәа рыла ҵыԥх, иара ауахәама асаркьаласырҭахь дхалеит, уантәи Анцәа димҵаныҳәеит. Ишиҳәаз ала Анцәа дзызиҳәаз неигӡеит. Иаргьы иӡбеит асаркьалқәа ауахәамаз ҳамҭас иааигарц.

"Асаркьал маҷқәа хәба ыҟоуп. Ауахәама асаркьаласырҭаҿ икнаҳауп асаркьал хада, арҭгьы уа иацырҵоит. Асаркьалқәа ирыцуп Иоаан Ахьҿы исахьаԥшьагьы", — иҳәоит Горобец. Ҳара агәра аагоит асаркьал ҿыцқәа рыбжьы иацны аԥсҭазаарагьы ҿыцны иҟалап ҳәа Аԥсназы" 

Иара иажәақәа рыла мызкы ахы-аҵыхәа аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагараны иҟоуп Каманҟа узго амҩаҟны.

Амҩа аура 14 километра иҟоуп. Амҩа ахьыбааԥсыз иахҟьаны Каманҟа анеира зҭахызгьы ианырҭахыз уахь изнеиуамызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0