Марадона Аҟәа наӡаӡа ҳәа инижьуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМарадона
Марадона - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа, ԥхынгәы 5 рзы аԥсыжырҭа Михаиловское аҿы анышә дамардоит Шамиль Галин, ақалақьуаа Марадона ҳәа ирдыруаз.

АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Шамиль Галин— "Марадона" ижразы изаархәеит абасеиԥш аан иахәҭаны иҟаз зегьы, ҳәа ҳкорреспондент илзеиҭалҳәеит активист Сабина Ҭраԥшьԥҳа.

"Аԥсы аморг аҟынтәи ддәылыргеит ԥхынгәы 5 асааҭ 11 рзы", — лҳәеит Сабина Ҭраԥшьԥҳа.

Сабина лажәақәа рыла ифотосахьагьы дырхиеит.

"Афотоателие аҟны аус зуа аӡӷаб аԥара ҳамлымхӡеит, зпатреҭ ҿаҳҵоз данылба", — лҳәоит Сабина.

Ақалақьуаа раԥшьгамҭа иадгылеит аҳҭнықалақь Ахадарагьы. Дара рхахьы иргеит иахәҭаны иҟаз ахарџьқәа.

"Ақалақь Ахадара акәыбеи аҭаршәи аархәеит. Марадона ҳақалақь дахәҭакын. Иара уаҩԥсы диԥырхагамызт. Сыҷкәын аиҵбы Марадона дыԥсит ҳәа аниаҳҳәа дагьҵәыуеит", ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Ԥхынгәы 3 асааҭ 0:30 рзы Ацхыраара лас ахь аҭел иасит акафе "Алакә" аҿаԥхьа афонтан аҟны ауаҩы иԥсыбаҩ аабеит ҳәа. Ацхыраара ласы афельдшар Индира Амҷԥҳа дылдырит аԥсыбаҩ зтәыз. Уи ҩеижәижәаба шықәса инареиҳаны Аҟәа ҩныда-гәарада иалаз, Шамиль Галин, Марадона ҳәа изышьҭаз иакәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0