Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Абызшәадырҩи арежиссиори азааҭгылеит аԥсышәала адублиаж аҟаҵара апроблема

© SputnikSputnik Апсны арадиостудиа
Sputnik Апсны арадиостудиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акиностудиа "Аԥсуа фильм" асахьаркыратә напхгаҩы Виачеслав Аблоҭиеи, Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Нурбеи Ломиеи арадио Sputnik Аԥсны иарҭаз аинтервиу аҟны иазааҭгылеит асахьаркыратә фильмқәа аԥсышәала рдублиаж аанкылара зыхҟьаз.
Виачеслав Аблоҭиеи Нурбеи Ломиеи аилак аҟны иҟоу апроблема иалацәажәеит

Жәамыз ҵуеит афинанстә цхыраара ахьырмоуз иахҟьаны иаанкылоижьҭеи асахьаркыратә фильмқәеи, амультфильмқәеи аԥсышәала адублиаж рыҟаҵаразы иаԥҵаз апроект. 

"Жәохә-шықәса рыҩнуҵҟа аҳәынҭқарра иҟанаҵоз афинанстә цхыраара иабзоураны аԥсуа бызшәа арҿиаратә фонд аҟны еицырдыруа асахьаркыратә фильмқәеи, амультфильмқәеи аԥсышәала адублиаж ҟаҳҵон. Ааигәа ари афонд аусура аанкылан, ашьҭахь иадырҵеит Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы. Аилак аусзуҩцәеи сареи ҳаиқәшаҳаҭны аиҭагара салагеит америкатә мультфильм-амиузикл "Агәы хьшәашәа". Иҟаҵаз ауси иҟаҳҵараны иҟоу зегьы еидкыланы асмета аныҟасҵа аилак ари апроект мап ацәнакит, ахәԥса ҳаракуп ҳәа иԥҳьаӡаны", – иҳәеит Аблоҭиа.

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Нурбеи Ломиа иажәақәа рыла ари апроект ахә ҳаракуп ҳәа ацәажәара ыҟаӡамызт.

"Ари апроект акырӡа иаҳнаалоит, мап ацәаҳкӡом, аха асметаҟны акыр изагурхаша ыҟоуп ҳәа иаҳҳәеит Виачеслав Андреи-иԥа, аха ҳаизеилибымкааӡеит", — ҳәа азгәеиҭеит Ломиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0